Аҳәынҭқарратә ҳәааҿ аҭаҭынлых аконтрабанда аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik Томас ТхайцукГраница.
Граница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адекларациа зызумыз аҭаҭын аалыҵ аарԥшын Урыстәылеи Аԥсныи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы.

АҞӘА, абҵара 28– Sputnik. Урыстәылеи Аԥсныи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа миллион мааҭ зыхәԥса наӡоз, 3300 ҭоԥ аҭаҭын аалых аконтрабанда ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит MaksPortal.

Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рыламҭалаз аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы автобус маҷ Mercedes агәаҭараан иԥшаан аҵәахырҭа маӡақәа ҭаҟаҵан ишыҟаз. Дара адашьма, аҭуан, аԥсҟы ахьҭагыло иҭаҟаҵан.

Еиҳа иныҭкааны агәаҭарақәа рышьҭахь адекларациа зызумыз 66 ҭоԥ аҭаҭынлых ԥшаан.

Атранспорттә хархәагеи аалыҵи аанкылан. Асигарет ҭоԥқәа аекспертизахь инашьҭын.

Ажәабжьқәа зегьы
0