Аҟәа ақалақьтә еизара аӡбра конституциатәым ҳәа иԥхьаӡаны мап ацәкуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумские башенные часы
Сухумские башенные часы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса жьҭаара 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит ақалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц.

АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц аӡбра ирыдыркылаз аԥыхразы атәыла ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари Аусԥҟа абҵара 27 рзы инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура.

Атәыла ахада иусԥҟаҿы иарбоуп ас еиԥш аӡбра атәыла Аконституциа иаҿагылоит ҳәа.

Алхрақәа Аԥсны. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаара 25 рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Абри аԥшьгара алеигалеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иазгәеиҭеит ҩбаҟа шықәса раԥхьа абри азҵаара аганахь ала атәыла апарламент адепутатцәа рахь ашәҟәқәа шынашьҭыз.

Маршьаниа иажәақәа рыла, ареферендум аҿы иқәыргылахоит зҵаарак: "Аҟәа ақалақь ахада иааиԥмырҟьаӡакәа Аҟәа инхо атәылауаа ргәаҳәарала иалхра шәақәшаҳаҭума?" ҳәа. Ареферендум аихшьаалақәа бжьагарак аҳасаб аҟазшьа роуеит иҳәеит иара. Маршьаниа игәаанагарала хәымз азхоит ареферендум амҩаԥгара аиҿкааразы.

Адепутатцәа еицҿакрыла иазааиит ареферендум амҩаԥгара арыцхә – 2019 шықәса хәажәкыра 10. Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит иаԥшьгара аҳҭнықалақь ауааԥсыра ишыргәаҳәароу.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

Иахьазы ақалақь ахада атәыла ахада иоуп далызхуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0