Аԥсуа игьама иақәшәартә: амзари ацәыргақәҵеи ахҭарԥа иазыркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация фотовыставки "Ахтарпа" в центре детского творчества "Аинар", 26 декабря 2018
Презентация фотовыставки Ахтарпа в центре детского творчества Аинар, 26 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахҭарԥа" захьӡыз афотоцәыргақәҵа ахәыҷтәы рҿиаратә ҩны "Аинар" аҟны имҩаԥган. Иара убас араҟа идырбан ахҭарԥа атемала еиқәыршәоу 2019 шықәсазтәи "Аҟәафон" амзар.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Хҭырԥа шкәакәа

Баграт Шьынқәба ипоема "Ахра ашәа" ала иҭыху акиносахьа раԥхьаӡатәи аԥсуа револиуционерцәа ирызкуп.  Ари афильм афырхаҵа хада ироль назыгӡаз актиор Томас Кәакәасқьыр ахәаԥшҩы ихамышҭуа хаҿсахьаны аҭоурых дазынхеит. Уи зыбзоуроу, иара иактиортә ҟазара инаваргыланы, Кьахь Ҳаџьараҭ ажәлар рыбжьара имаз ахьӡ ҳараки апату ӷәӷәеи роуп. Ахҭарԥа аԥсуаа рҿы еснагь пату ақәын, аԥсуареи ахаҵареи ирсимволны иахәаԥшуан. Убри аҟнытә Ҳаџьараҭгьы "Хҭырԥа шкәакәа" ҳәа ихьӡ ахьыршьозгьы баша-маша иҟамлаӡеит ҳәа иԥхьаӡатәуп.

Актер Томас Кокоскир в фильме Белый башлык - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рмазара иахәҭакыз: Томас Кәакәасқьыр игәалашәара аҳаҭыразы

Иахьа Кьахь Ҳаџьараҭраагьы Хҭарԥа шкәакәақәагьы ҳаилазаараҿы еиҳа-еиҳа имаҷхо иалагеит, шамахак иуԥылаӡом. Аԥсуа маҭәа акәзаргьы маҷ-маҷ ажәытәра иазынхо, аҿатәраҿы ахархәара маиууа иҟалеит. Ари аҭагылазаашьаҿы аԥсуа хҭарԥа ааигәантәи абадырра агәаҳәара змаз зегьы алшара бзиа рыман "Ахҭарԥа" захьӡыз афотоцәыргақәҵа аҭаара, хаҭала ари амилаҭтә цәамаҭәа ииашаны ахархәашьа аҵара.

Апроект алыршараан аԥаратә цхыраара ҟазҵаз амобилтә еимадара "Аҟәафон" ахаҭарнак Асҭан Барцыц иажәақәа рыла, амилаҭтә культура аиқәырхара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы иахьынӡауа ала ацхыраара рыҭалатәуп.

"Хықәкы хадас иҳамаз амилаҭ цәамаҭәа-ахҭарԥа ҿыцла аиҭаӡыргара акәын. Зынӡа иахьазы иазҳархиаз ахҭарԥақәа рхыԥхьаӡара 12 рҟынӡа инаӡоит. Анаҩс  урҭ рфотоқәа зегьы ҳхы иархәаны ҳара иҭҳажьит 2019 шықәсатәи Аҟәафон амзар. Ҳара ари аҟны ҳаангылаӡом, ҳаешьаратә жәларқәагьы хымԥада ҳаҽрымаҳдоит", — иҳәеит Барцыц.

Апроект авторцәа иреиуоу афонд "Аигәныҩра ацҳа" аԥҵаҩы Елена Лабахәуаԥҳа аԥсуа милаҭтә цәамаҭәа ҭылҵаауеижьҭеи 20 шықәса ирықәуп.

"Сгәанала, ахҭарԥа ҵакылатәи аидара хьанҭаӡа иаҵоуп, иҳанаҳәогьы рацәаӡоуп. Убри аҟнытә ҳара иаҳтахыз ари ажәытә маҭәа иахьатәи ҳаамҭагьы ишанаало ауаа дырдырра акәын. Ари аусмҩаԥгатә ала ҳара зныкыс ирацәаны адҵақәа ҳаӡбеит. Ганкахьала иаԥаҳҵеит ҭоурыхла иҵабыргу ахаҿра, даҽа ганкахьалагьы уи ажәытә хаҿра ҳаамҭа иашьашәало аҟаҵара ҳҽазаҳшәеит", — лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

Презентация фотовыставки Ахтарпа в центре детского творчества Аинар, 26 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
1/3
Презентация фотовыставки "Ахтарпа" в центре детского творчества "Аинар", 26 декабря 2018
© Sputnik / Томас Тхайцук
Презентация фотовыставки Ахтарпа в центре детского творчества Аинар, 26 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Ацәыргақәҵаҿы идырбаз афотосахьақәа равтор Ибрагим Ҷкадуа жәаҩа хҭарԥаҿаҳәашьа ааирԥшит. Уи аангьы, иазгәаҭатәуп ахҭарԥақәа зхарҵоз зыԥсы ҭоу ауаа ракәымкәа аскульптурақәа шракәыз.  Ибрагим иажәақәа рыла, аскульптура ахҭарԥа ахаҵара кыр ауадаҩрақәа ацуп, иманшәалаӡам.

Батал Джапуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьапуа: ахҭарԥа аҿаҳәашьала еилыукаауан аԥсуа иҭагылазаашьа, ихықәкы

"Иагьа аусура уадаҩхазаргьы, аинтерес ду аҵаны имҩаԥысит", — абри аҩыза алкаа ҟаиҵеит афотограф.

Асахьаҭыхҩы, апроект авторцәа иреиуоу Баҭал Џьапуа иазгәеиҭеит ахҭырԥа аԥсуа ихымҩаԥгашьа, иетика аганахьала азҵаарақәа рацәаны ишцәырнаго. Иара иажәақәа рыла чаразар, еибашьразар мамзаргьы гәырҩазар уҳәа, еиуеиԥшым аҭагылазаашьаҿы ахҭырԥахаҵашьагьы еиԥшӡамызт. Аԥсуа иахьакәзаалак ишахәҭоу ахҭарԥахаҵашьа иҽақәиршәон, уи ԥсабарала ицәаҩа иалан.

Иззыԥшымыз асас

Ацәыргақәҵаа аҭааҩцәа ахҭарԥақәа ирыхәаԥшуа иахьеилагылаз ауада лаԥшӡа дук наҩналан, ахы шьҭкәыцәаа, аҭӡаҿы икнаҳаз афотосахьақәа лаԥшыла еимдо аҿаанахеит. Аха абар арыцҳара: зегьы рнапқәа иара ахәаҿы идрыцқьар рҭахызшәа иааҟәымҵратәеиԥш идыршьышьуа иалагеит. Алагьы азныказы иазыҟарҵоз азхьаԥшра агәаԥхон, аха агәы анԥырҵәаӡа ҽыргәаа ҟаҵаны акультуратә усмҩаԥгатәы ннажьит.

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация фотовыставки "Ахтарпа" в центре детского творчества "Аинар", 26 декабря 2018
Презентация фотовыставки Ахтарпа в центре детского творчества Аинар, 26 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Презентация фотовыставки "Ахтарпа" в центре детского творчества "Аинар", 26 декабря 2018

Ажәабжьқәа зегьы
0