Филиз Ҷықьԥҳа: хымз рыла аԥсышәала аҩышьеи, аԥхьашьеи сҵеит

© Фото : Саиды ЖибаФилиз Чықьԥҳа
Филиз Чықьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымз раахижьҭеи, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь еиҿкаау аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа ирҭаауа Филиз Ҷықьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) иаҳзеиҭалҳәеит шаҟа игәахәара дуу, лхатәы бызшәала аҩышьеи, аԥхьашьеи ахьылҵаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Филиз Ҷықьԥҳа, аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа Фаарықә Ажьибеи, Ирфан Ахәаҷбеи ирыбзоураны, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аԥсуа нбанқәа гәынкыланы аҩышьеи, аԥхьашьеи лҵеит.

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

"Ҳара ҳҭаацәара дуун, хәҩык ахшара иҳазҳауан. Ҳани, ҳаби аԥсышәала акәын ишҳацәажәоз, амала ҳхатәы бызшәала аҩышьеи, аԥхьашьеи ҳаздыруамызт, усҟантәи аамҭазы иаҳзырҵозгьы дыҟамызт. Иахьа, анцәа имчала иҳауит алшара иҳаҩҳажьыз аҽахьыгӡара, аха зегь акоуп сгәы сыхьуеит ашықәс рацәа ҳашьҭахьҟа иахьынхаз" - ҳәа азгәалҭоит Филиз.

Ҭырқәтәыла аԥсшәа зҵо зегьы хьаас ирымоуп, ранацәеи, рабацәеи, рандуцәеи, рабдуцәеи ари аҩыза алшара ахьрымамыз.

Филиз Ҷықьԥҳа мчыбжьык ҩынтә акурсқәа рахь дныҟәоит. Аҩны даныҟоу, арҵаҩцәа рыдҵақәа налыгӡоит, уи адагьы лхы аус адылулоит, даԥхьоит анбан.

"Знык аԥсышәала ашҟәқәеи, ажурналқәеи, агазеҭқәеи срыԥхьо сҟалонда", - лҳәоит лара.

Санӡааԥҳа: ҳџьынџьуаа рбызшәа иацәыԥхашьаӡом, дара-дара еицхыраауеит

Филиз лыԥсҭазаара зыцеиҩылшаз даԥсыуамызт аҟнытә, ишылҭахыз еиԥш аԥсшәа лхы илзархәомызт. Аха иахьа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, лыԥшәмеи, лԥеи илҿырҵааз рацәоуп.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом

"Сԥа, аҩныҟатәи адҵақәа аныҟасҵо иџьеишьоит. "Нан, хымз рыла абриаҟара анбанқәа гәынкыланы аҩышьеи, аԥхьашьеи злабҵеи" иҳәоит. Зны-зынла дсыдтәалоит, исҳәо ажәақәа еиҭеиҳәоит, дыԥхьаӡоит", - ҳәа ҳаиллыркааит лара.

Филиз лхатәы бызшәа лассы-лассы илаҳаларц азы, дрыхәаԥшуеит аԥсуа фильмқәа, иара убас аԥсшәахь еиҭагоу акиносахьақәа, амультфильмқәа.

Филиз Ҷықьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) Аԥсны инхо лыжәлантәқәеи лареи аимадара рыбжьоуп, убас илымоуп имаҷҩымкәа аҩызцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы сыҟоуп саргьы.

Уажәааигәа сасра санылзаауаз, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа илымҭаны, Филиз лырҵаҩцәа Фаарықә Ажьибеи, Ирфан Ахәаҷбеи ирықәсыршәеит аԥсуа бышәа аҵаразы ацхыраагӡатә материалқәа.

Иазгәаҭатәуп, арҭ акурсқәа шеиҿкаау хәыда-ԥсада.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0