Викториа Гобечиаԥҳа лзы аԥареизгара хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВикториа Гобечиаԥҳа
Викториа Гобечиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит аԥареизгара 4 шықәса зхыҵуа Викториа Гобечиаԥҳа лзы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Ԥшьышықәса зхыҵуа Викториа Гобечиаԥҳа ҳкамера ацәшәарак шьҭымхӡакәа лхы мҩаԥылгоит. Аӡӷаб лан Гретта Сефириан лажәақәа рыла лара дааизар ҭынчымҩа змам лакәны илызҳауеит.

Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа: ашықәс алагамҭа ҳшаршәазгьы, анҵәамҭазы ҳусура алҵшәа шыбзиоу ҳнарбеит

"Бзиа илбоит асахьаҭыхра, аконструктор аизгара. Арма лнапоуп убри аан лхы иалырхәо. Ҳҽазаҳшәеит лнапкыра ҳаԥсахырц аха лыҽҳалымҭеит", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Викториа уахьлыхәаԥшуа ак лывубаауам. Хышықәсанӡа малырк лымамызт арыцҳара ҟалаанӡа.

"2018 шықәса ԥхынгәымзазы ахәыҷы адәаҿы дыхәмаруан. Еснагь ҳалхылаԥшуеит аха абри аҽны ҳааиқәгәыӷын ҳалаԥш дыҵшәеит. Аамҭак ааҵхьаны ҳгәыла дааины Вика адәыӷба даҵашәеит ҳәа ҳаиҳәеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Гретта.

Аҭаацәа анлыхьӡа Вика лыхдырра лцәыӡны дышьҭан. Иаразнакы Ареспубликатә хәышәтырҭахь днаган. Аҳақьымцәа иаразнакы ирҳәеит аоперациа акыр ишыуадаҩу.

"Лхы аоперациа мҩаԥаагеит. Аоперациа алҵшәақәа рыбзиахара ҳшақәымгәыӷуазгьы ицәгьамкәа ҳаилгеит", - ҳәа иҳәоит аҳақьым-анеирохирург Олег Оҭырба.

© Sputnik / Томас ТхайцукВикториа Гобечиаԥҳа
Викториа Гобечиаԥҳа лзы аԥареизгара хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Викториа Гобечиаԥҳа

Аоперациа ашьҭахь шықәсыбжак ааҵуаны Викториа аҩбатәи аоперациа лзыҟаҵатәуп. Лхыбаҩ амалыр риашатәуп.

"Уажәтәи аоперациа ззырхо лыԥсҭазаара аиқәырхаракәым, асоциалтә шьцылара лыҭаразоуп. Уажәазы лыхшыбаҩ хьчаӡам, дкаҳар ма ак лаахар – ишәарҭоуп лыԥсҭазааразы", - иҳәоит аҳақьым.

Викториа лыцхраара иазыхиоуп Москва ахәыҷтәы хирургиеи атравмотологиеи ринститут аҿы. Ахирург хәыда-ԥсада аоперациаҟаҵара дақәшаҳаҭхеит. Аха аимплант ахәԥсазы лҭаацәа 960 000 мааҭ ршәароуп. Аԥара абжак еизгоуп. Иаанханы иҟоуп 300 000 мааҭ.

Афонд "Ашана" азы 2019 шықәсазы ари раԥхьатәи усмҩаԥгатәуп.

"Ҳгәыӷуеит зегьы ишахәҭоу еиԥш иҟалап ҳәа. Аӡӷаб Викториа лыхьӡуп. Уи иаанагогьы аиааироуп. Ҳгәыӷуеит лчымазарагьы иааирала далҵып ҳәа", - лҳәоит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Викториа Гобечиаԥҳа ацхыраара лыҭашьа атәы жәдырыр шәылшоит афонд "Ашана" асаит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0