Гәдоуҭа араион Мҵара ақыҭа фымцалашарада иаанхоит ажьырныҳәа 18 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 18 рзы Алаҳаӡы ақыҭагьы фымцалашарада иаанхоит атрансформаторқәа руак аҿы аремонттә-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысра иахырҟьаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәдоуҭа араион Мҵара ақыҭа фымцалашарада иаанхоит ажьырныҳәа 18 асааҭ 10:00 -16:00 рзы ҳәаSputnikакорреспондент илзеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Амшынеиқәафымцамч афилиал Афымцаҭиира аиҳабы Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазба еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ахшәааразы аҭагылазаашьа шыҟоу

Ақыҭа фымцалашарада иаанхоит афымцеихшарҭа "Мҵара" аҿы аремонттә-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысра иахырҟьаны.

Иара убасгьы ажьырныҳәа 18 рзы Алаҳаӡы ақыҭа фымцалашарада иаанхар алшоит атрансформаторқәа руак аҿы аремонттә-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысра иахырҟьаны. Аҽа трансформаторк аус шауагьы аиԥҟьарақәа аҭыԥ роур ауеит.

"Араҟа ақыҭауаа фымцалашарада иаанхоит асааҭ 10.00-17.00 рҟынӡа", - ҳәа еиҭарҳәоит аусбарҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0