ConIFA аверсиала Европа Ачемпионат аԥҟара ҿыцқәа рыла имҩаԥгахоит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьапылампыл
Ашьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аверсиала Европа Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса, рашәара 1-10 рзы Ашьхатә Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт.

АҞӘА, хәажәкыра 15– Sputnik, Бадри Есиава. ConIFA аверсиала Европа Ачемпионат ҿыц иалагалоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны имҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа хәажәкыра 15 рзы.

 ConIFA  - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл асразы аԥҟаррақәа реиҭакра ConIFA ачемпионат иаԥырхагам

"Жәацы, ConIFA аӡбаратә коллегиа алахәылацәа скаип-конференциала иҳаӡбеит IFAB иҟанаҵаз алагала ҿыцқәа рзинмчра ҳазымԥшыкәа урҭ аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны Арцах аҳҭнықалақь аҿы Европа ачемпионат мҩаԥаагарц", - ҳәа иҳәеит иара.

ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа игәаанагарала, ахәмарыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи зегьы неибеиԥшны ашьапылампылтә ԥҟара ҿыцқәа еицрыдыркылашам. Иара ишиҳәо ала, ашьапылампыласыҩцәа зегьы иргәамԥхар алшоит аԥсахра ашьҭахь еиҳа иааигәоу ацәаҳәала ахәмарра дәы ааныжьра ахәҭоуп ҳәа иҟоу аԥҟара.

"Дарбанызаалак ашьапылампыласыҩ изы ашьапылампыл дәы ақәлара ритуалуп. Артистцәа асцена анаанрыжьуа напеинҟьарыла ишымҩаԥырго еиԥшнушьалар ауеит. Ари психологиатә факторуп", - ҳәа иҳәоит Паӷәаа.

Азыҟаҵаҩцәа рганахьала "асанкциақәа" ракәзар, аимак ахь икылнагар ауеит ҳәа иҳәоит иара. Егьырҭ аԥсахрақәа ахәмарратә процесс еиҳа арҽеира иахәоны иазиԥхьаӡоит.

Ашьапылампылтә ассоциациақәа Жәларбжьаратәи рхеилак (IFAB) 2019 шықәса хәажәкырамзазы ашьапылампыл аԥҟарақәа рыԥсахра аус аднаулеит.

Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа. - Sputnik Аҧсны
Кәарацхьелиа: Аԥснытәи акоманда ConIFA ачемпионат аҿы аиааира агар алшоит

Аԥсахрақәа рахь иаҵанакуеит: ампыл амба иҭазыршәыз машәыршәа акәзаргьы напыла ампыл дахьысзар еилагароуп ҳәа иԥхьаӡахоит, ирыԥсахуа ахәмарҩы ашьапылампыл дәы аанижьроуп еиҳа ирзааигәоу агантә цәаҳәала, иара убасгьы пенальти аан амбахьчаҩ амба изшьапык ала мацара дахьысыр ҟалоит.

Акарточка ҩежьқәеи аҟаԥшьқәеи азыҟаҵаҩцәа иддырбалар алшоит иқәнагам ахымҩаԥгашьаани егьырҭ аилагарақәа раани. Аӡбаҩ ампыл иаахар, ампыл еимактәы алагалахар ауеит.

Аԥсахрақәа амчра роуеит 2019 шықәса, аԥхынразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0