Аԥсуа спортсменцәа каратеномичи азы аицлабрақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит

© Foto / Гена ЦулаяКаратеномичи азы IX Урыстәылазегьтәи ахәмаррақәа
Каратеномичи азы IX Урыстәылазегьтәи ахәмаррақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каратеномичи азы IX Урыстәылазегьтәи ахәмаррақәа мҩаԥысуан ақалақь Долгопрудныи аҿы хәажәкыра 23 - 24 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Каратеномичи азы IX Урыстәылазегьтәи ахәмаррақәа рҟны аԥснытәи аспортсменцәа ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит каратеномичи Аԥснытәи афедерациа ахада Ҭемыр Ҵулаиа.

"Ката ахкала Гена Цулаи, Лаша Гәаланӡиа, Смел Саӡба акомандатә еицлабраҟны ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Себу иппон кумите ахкаҿы Лаша Гәаланӡиа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит. Дзиу себу ахкаҿы ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Смел Саӡба", - еиҭеиҳәоит Ҵулаиа.

© Foto / Гена ЦулаяАԥсуа каратистцәа каратеномичи аицлабраҟны
Аԥсуа спортсменцәа каратеномичи азы аицлабрақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа каратистцәа каратеномичи аицлабраҟны

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥснытәи аспортсменцәа даара рхы бзианы ишаадырԥшыз.

Ахра Абыхәба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Абыхәба: карате азы адунеи ачемпионат Аԥсны ишахәҭоу имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит

Каратеномичи Аԥснытәи афедерациа ахада Ҭемыр Цулаиа ахәмаррақәа раартраан каратеномичи Урыстәылатәи афедерациа ахада Александр Чичварин иҟынтәи агәалашәаратә медал ианашьан.

Каратеномичи азы IX Урыстәылазегьтәи ахәмаррақәа мҩаԥысуан ақалақь Долгопрудныи аҿы хәажәкыра 23 - 24 рзы.

Ахәмаррақәа ирылахәын Аԥсны,  Алжир, Донецктәи жәлартә республика, Ҟазахстан, Польша, Тунис, Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 800-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0