Гәынба: апародиа ажанр аԥсы ҭазароуп, иҿиароуп
"Сгәаанагарала апародиа аӡә дазгәаар ииашам. Ари ажанр ыҟазароуп, аԥсы ҭазароуп, иҿиароуп, аԥеиԥш аиуроуп. Ари ажәеинраала аасҭа ицәгьоуп, ухы аус адуулароуп, иуҳәо иазхәыцтәуп, азнеишьа ҷыда амазароуп, уҽазыҟауҵароуп. Ус еиԥш аҭыԥ ҳара иҳамаӡам. Исылоу абаҩхатәра- уи аԥсабара иснаҭаз ауп, ус апародиа ҷыдала иҭысҵаауа сыҟам, избо исаҳауа аҟнытә исыдыскылоит. Ҳаҭыр сзақәуп ари ажанр. Ақыҭақәа рҿы саннеилак иҟоуп издыруа алаф шысҳәо, апародиа шыҟасҵо, исыҳәоит акы-ҩба ҳарба ҳәа. Ауаа алаф раҳар рҭахуп, изырлаҳҿыхуа акы рбар рҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.