Аџьар Ҟаԥшь хабарда ибжьаӡыз рзы аусура аихшьалақәа ҟанаҵеит

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIАџьар Ҟаԥшь
Аџьар Ҟаԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак аҟазауаа фышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз 431-ҩык рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит.

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак аҟазауаа фышықәса рыҩнуҵҟа ирыԥшааит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз 431-ҩык рыԥсыбаҩқәа. Урҭ рҟынтәи 163-ҩык рхаҭарақәа шьақәыргылан ҳәа Sputnik апресс-центр аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак амиссиа ахада Максим Забалуев.

Парк Сказка - Sputnik Аҧсны
Аџьар Ҟаԥшь аусзуҩцәа аԥшаарақәа ирыцырҵоит

Аԥсыбаҩқәа рыҵхра мҩаԥысуан Аԥсны араионқәа иахьрыҵаркуа 129 ҭыԥ рҿы.

Уи адагьы, Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи аиҿкаара амиссиа ахада иажәақәа рыла, 2010 шықәса раахыс Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи Аиҿкаара абри азҵаара аганахьала имҩаԥнагоит Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа реиҿцәажәара.

"Еиуеиԥшым аиԥыларақәа раан хабарда ибжьаӡыз ирызкны аинформациа еимырдоит. Арҭ аиԥыларақәа аҵакы рыманы иҟоуп аинформациа иаша аиуразы", - иҳәеит Забалуев.

Убас, аԥсуеи ақырҭуеи ганқәа реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны 122 ԥсыбаҩ ақырҭуа ган ирыҭан.

Аусурақәа рахь аилак жәларбжьаратәи аекспертцәа адрыԥхьалоит. Иара убасгьы амиссиа аусура иалахәуп Аԥснытәи аҿар.

"Аԥснытәи аҟазауаа фҩык аус ҳацыруеит. Урҭ ԥхьаҟагьы рхала аус руртә иҟоуп", - иҳәеит иара.

Ҳаџьымба: Аџьар ҟаԥшь Аԥсназы иалшаз рацәоуп

Амиссиа ахада иазгәеиҭоит аԥсыбаҩқәа рышьақәыргылараан ауадаҩрақәа шцәырҵуа. Арахь иаҵанакуеит ауа-аҭахы рҟынтәи ДНК абанк аҟамзаара.

"Абри азҵаара аганахьала дасу ихатә гәаанагара имоуп. Иҟоуп ауаа, ариапроблема здызкыларц зҭахым, иалацәажәар зҭахым. Убри инадҳәаланы иҳаԥшааз аԥсыбаҩқәа зтәу рышьақәыргылара аныуадаҩу ыҟоуп. Иахьазы 268 ԥсыбаҩ зтәу шьақәмыргылакәа иаанханы иҟоуп, аха аусурақәа ҳарҿуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак амиссиа ахада ихаҭарнак Борис Казанба иажәақәа рыла, еиҳарак аԥсыжырҭақәа ԥшаан Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа иахьрыҵаркуа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0