Апышҭеи, аршәи: Русҭан Канџьариа игәалаиршәоит маитәи апарад

© Foto / Саида ЖибаРустан Конджария
Рустан Конджария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зышколтә шықәсқәа раан Гәдоуҭа имҩаԥысуаз маитәи апарад ԥшьынтә иалахәыз, Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны аҵара зҵоз Русҭан Канџьариа игәалаиршәоит уи амш инаҭоз ацәаныррақәа ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Маи 1, адунеи атәылақәа жәпакы рҿы иазгәарҭо ааԥыни, аџьеи рымш ныҳәа, Асовет еидгыла ахаан еиҳа хшыҩзышьҭра аҭаны иаԥылон. Қалақьцԥхьаӡа имҩаԥыргон апарадқәа. Урҭ ирыладырхәоз аџьажәлар ԥсыцқьарыла зус иаҿыз ракәын. Ашколхәыҷқәа ртәы уҳәозар, ашықәс аҩнуҵҟа злеишәа бзиаз, аҵараҿы ақәҿиарақәа аазырԥшуаз апарад ақәсрахь иргон.

137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны
Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

"Сынтәа маитәи апарад иалахәхоит…", - ҳәа арҵаҩы акласс аҿы ахәыҷқәа рсиа даԥхьо даналагоз, зыхьӡ лҳәоз аҵаҩцәа ргәырӷьара ҵҩа амамызт. "Уаргьы уцоит, саргьы салырхит", - ҳәа еибыҳәо, игәырӷьаҵәа аныҳәа рҽазыҟарҵо иалагон.

"Ашкол сахьынӡаҭаз, ԥшьынтә, Гәдоуҭа, маитәи апарад салахәын. Хымԥада уахь зегьы ргаӡомызт. Алшара зырҭоз, ашықәс аҩнуҵҟа аҵара бзианы изҵоз, иҟәыбҷаз, ажәакала зегь рыла иҿырԥшыгаз ахәыҷқәа ракәын", - еиҭеиҳәоит Русҭан Канџьариа.

Арҭ алҵшәақәа рыла, ахәыҷқәа ралхра аҵак ду аман. Изҭахымдаз апарад ахь ацара. Убри аҟнытә, доусы дазыҳаҵҳаҵуан иоуаз ахәшьара. Рхы бзианы излаадырԥшыша иашьҭан. Маитәи апарад ахәыҷы ихдырраҿы ицәырнагуан амаҭәа ԥшӡа, аԥшшәы рацәа змаз апышҭақәа, ашәҭқәа, убас зегьы зызгәышьуаз аршәы хаа.

"Гәдоуҭа апарад ҳанықәслак ашьҭахь, ҳарҵаҩцәа аршәы ҳарҭон. Уи ҳаигәырӷьон сҳәар, акагьы сымҳәеит ауп иаанаго, убысҟак иҳаракыз, ишьахәыз ацәаныррақәа ҳауон", - иажәабжь иациҵоит Русҭан.

Русҭан Канџьариа иҳәеит иддыркоз апышҭақәа, апарад ашьҭахь аҩныҟа ианрырҭоз, ирыцәԥжәар ҳәа ишәаны, ишахӡыӡаауаз. Аха иҟалалон, ианеицәхасуаз, мамзар акы иҿаԥаны ианҭҟәацуаз. Усҟан ақыҭахәыҷы изы адунеи ааҳәон, акраамҭа ихдырраҿы итрагедиа дуны иаанхон.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, ҩынтәҟа Гаграгьы салахәын маитәи апарад. Аха саныхәыҷыз иснаҭоз аԥхарра ҿыцәаахьан", - ҳәа инаҵеишьит ажәабжьҳәаҩ.

Аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьа хьанҭақәа раан, маитәи апарад ахь имнеиуаз аџьажәлар (еиҳарак аԥсуаа) руалафахәы анааныркылоз, мамзаргьы гәыбӷан анрырҭоз ыҟан. Убри инаҷыданы, ҳауаажәлар рзы аныҳәа ԥшьала аҵакы ацәыӡит.

Иахьа, ааԥыни, аџьеи рымш ҩаԥхьа аԥсы ахало иалагеит.

Русҭан Канџьариа ихәҭакахьала, иуаажәлар ирзеиӷьеишьеит рыԥсҭазаара ааԥын еиԥш ишәҭларц, рџьабаа, бзабааны ирԥыларц. Махашьахалатәии, хшыҩлатәии аџьа, ҳаԥсадгьыл арԥшӡарц, иарҿиарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0