Атуристцәа Аԥсныҟа аара мап ацәыркуеит иҟоу ахҭысқәа ирхырҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла ахада иалхра аҿҳәара инахазарц иҟарҵаз аҳәара Апарламент мап анацәнакы ҿҳәарадатәи акциа иалагеит.

АҞӘА, лаҵара 21– Sputnik. Аԥсны асасааирҭақәа рҿы уаанӡа атуристцәа иҿарҵахьаз аномерқәа мап рцәыркуа иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Атуризм аԥснытәи аидгыла " аиҳабы Анна Калиагина.

Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит

"Адырра ҳарҭеит Аԥсны асасааирҭақәа рҿы уаанӡа атуристцәа иҿарҵахьаз аномерқәа мап рцәыркуа иалагеит ҳәа. Макьаназ урҭ рхыԥхьаӡара атәы иныҭкааны иҳазшәаҳәом, уажәы анализ ҟаҳҵараны ҳаҟоуп", - лҳәоит Калиагина.

Лара лажәақәа рыла Урыстәылатәи атурагентцәа Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа агәҭынчымра рызцәырнагоит.

"Атурагентцәа аҭел иаҳзасуеит, иҟоу аҭагылазаашьа иазҵаауеит. Иацы инаркны Аԥсны аԥсшьараз ауаа аԥсшьарҭаҭыԥқәа рҿаҵарақәа ирҟәаҵит", - азгәалҭеит Калиагина. Избан ҳара еснагь аԥхынразы, атуристцәа ҳанырзыԥшу, абас ҳхы зымҩаԥааго. Зегь раԥхьа иргыланы ареспублика аимидж азы иҳалшо ҟаҳҵалароуп, иаҳҭахуп атуристцәа ҳзааларц".

Аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Тамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит - Sputnik Аҧсны
Тамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0