00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Sputnik Аԥсны ConIFA аартра ацеремониа ишиашоу ицо аефир ала иднарбоит

© Foto / Федерация футбола АбхазииConIFA аартра ацеремониа аҽазыҟаҵара
ConIFA аартра ацеремониа аҽазыҟаҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь аҟны рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Уи иалахәуп Аԥсны иеизгоу акоманда.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik. Sputnik Аԥсны Степанакерт имҩаԥысуа ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат аартра ацеремониа ишиашоу ицо аефир ала иднарбоит асабша, рашәара 1, асааҭ 19:00 рзы.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны ConIFA-2019 ахәмаррақәа днарбалоит

Уаанӡа адырра ҟаҵан, Аԥсны иеизгоу акоманда Ашьха Ҟарабах ианнеиз ашьҭахь актәи аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит ҳәа. Ачемпионат аҟны раԥхьатәи ахәмарра рымоуп амҽыша, рашәара 2 рзы Чамериа иеизгоу акомандеи дареи. Атурнир ахәмаррақәа зегьы Sputnik Аԥсны асаит аҟны ишиашоу ицо аефир аҟны иддырбалоит.

Аԥсны акомандеи Чамериа акомандеи рыхәмарра иалагоит рашәара 2, асааҭ 15:00 рзы. Рашәара 3 рзы Аԥсны иақәшәоит Сапми акоманда асааҭ 17:00 рзы. Рашәара 4 асааҭ 17:00 рзы ашьапылампыл абзиабаҩцәа ирбар рылшоит Аԥсныи атурнир аԥшәмацәа Ашьха Ҟарабахи рыхәмарра. Афиналтә хәмарра ҟалоит рашәара 9, асааҭ 19:00 рзы.

Аԥснытәи акоманда аилазаараҿ иҟоуп: амбахьчаҩцәа - Инал Қацәба, Илиа Шьчерба, ахьчаҩцәа - Лев Ҭарба, Георги Жанаа, Лев Бабурин, Асҭамыр Ҵышәба, ахьчаҩбжацәа - Ҭемыр Агрба, Шабаҭ Логәуа, Тарас Ҳагба, Гига Бениӡе, Виктор Ԥимԥиа, Даур Ҷанба, Ака Званбаиа, Алан Хугаев, Даниил Чрыгба, Гәдиса Смыр, Роман Зикрач, ажәылаҩцәа - Дмитри Маскаев, Рамин Барцыц, Данило Арӡынба.

Агәыԥ "А" иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ "Б": Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит>>

ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Официалла FIFA иалахәым Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа шьаҭаркын рашәара 7, 2013 шықәсазы. Уи иалоуп 40 инареиҳаны акомандақәа. 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысуан, усҟан аиааира агеит Аԥсны иеизгоу акоманда.

Ажәабжьқәа зегьы
0