Аҟәа имҩаԥысит аҭынчреиқәырхаҩцәа рмиссиа иазку астол гьежь "Хотят ли русские войны?"

© Sputnik / Томас ТхайцукАстол гьежь "Хотят ли русские войны?"
Астол гьежь Хотят ли русские войны? - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2009 шықәса раахыс Аԥсны игылоуп Урыстәылатәи 7-тәи арратә база.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Астол гьежь "Хотят ли русские войны?" аатит Аҟәа, ахәаша, рашәара 28 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ҳаџьымба аҭынчреиқәырхаҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит>>

Астол гьежь алахәылацәа русура аламҭалаз инеит 1994-2008 шш. рзы Аԥсны аҭынчреиҿкаара мҩаԥызгоз аруаа рбаҟахьы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵаразы.

Еизаз аԥсшәа реиҳәеит ИАР атәылақәа русқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа реимадареи рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

"Мчыбжьык аԥхьа ҳара иазгәаҳҭон ақырҭуа-аԥсуа еимакы азонахь аҭынчреиҿкааҩцәа рааира ҩажәихәба шықәса ахыҵра. Ҩынҩажәа нызқьҩык рҟынӡа асолдаҭцәеи афицарцәеи аҭынчра ашьақәыргылара иаҿын. Аԥсны иахьагьы аҭынчреиҿкаара амиссиа ахәшьара ҳарак аҭаны ирбоит", - иҳәеит Затулин.

Иара иазгәеиҭеит абарҭ аамҭақәа рзы ишҭахаз 117-ҩык урыстәылатәи аруаа. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа "Урыстәыла афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп.

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба: 1994 шықәса рзы абжьаҟазаратә мчқәа ҳабжьамгылазҭгьы, иҳацәҭахоз рацәаҩхон

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит арегион аҿы аҭынчреиҿкааратә миссиа аҵак ду аманы ишыҟаз.

"Ҳара агәахәара ҳнаҭоит ара шәбара. Шәара ибзианы ижәдыруеит Аԥсны иахнагаз, аҭоурых, изнысыз амҩа уадаҩ. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит усҟантәи аамҭақәа, иаҳзыҟаҵаз адгылара", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада аҭынчреиҿкааҩцәа, иахьа Аԥсны игылоу арратә контингент ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭынчра аиқәырхара ҭакԥхықәрала иахьазыҟоу азы.

Астол гьежь "Хотят ли русские войны?" еиҿкаан аҭынчреиҿкааҩцәа-аветеранцәа, Аԥсны анапхгара, ИАР атәылақәа ринститут раԥшьгарала. Арахь иааԥхьан – Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥыза-министр Валери Бганба, апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0