Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аԥҵан ԥхынгәы 4 2006 шықәса рзы атәыла ахада иқәҵарала. 2014 шықәса рзы аусбарҭа аминистрра ҳәа ахьыӡҵан.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 13 шықәса аҵра иазкны имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.

АҶА - Sputnik Аҧсны
Лев Кәыҵниа: АҶА аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә усбарҭа аԥҵахоит

"Ҳусбарҭа аҭоурых XIX ашәышықәсазы ахы акуеит. Усҟан, раԥхьаӡа акәны Аҟәа еиҿкаан амцарцәаҩцәа рдружина. Асовет аамҭақәа раан амцарцәаҩцәа амчратә структурақәа реилазаара иалан. Иахьатәи аамҭазтәи ҳҭоурых хацыркхеит ԥхынгәы 4 2006 шықәса рзы", - иҳәоит иажәахә аҿы аминистр Лев Кәыҵниа.

2014 шықәса рзы аусбарҭа Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аминистрра ҳәа ахьӡ еиҭакын.

"Арҭ ашықәсқәа имариаз аамҭамызт. Акадрқәа азхомызт, иазхомызт атехника. Аха шьаҿа-шьаҿала иахьа аамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа ҳрызнеины ҳаҟоуп", - иҳәоит Кәыҵниа.

Атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц атәыла ахада идныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит

"Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аминистрра иаԥнаҵеит атәылауаа ршәарҭадара асистема. АҶА аусзуҩцәа рпрофессионализм ҳарак, рус амҩаԥгашьа рыҳаҭыр-рыпату иазнарҳауеит", - аҳәоит ашәҟәаҿы.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит

Беслан Барцыц даԥхьеит атәыла ахада Иусԥҟа аминистрра аусзуҩцәа изаамҭанытәиу ачынқәа рыҭаразы.

Лев Кәыҵниа идҵала аминистрра аусзуҩцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи изаамҭанытәиу ачынқәеи. Уи адагьы АҶА аҳаҭыртә шәҟәыи анапмӷаҵа-сааҭи ианашьан жәаф-шықәса зхыҵуа Алмас Барцыц амҩатә машәыр аан иҟаиҵаз ацхырааразы.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса аҵра азгәанаҭоит
Ажәабжьқәа зегьы
0