Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҳџьынџьуаҩ Гəлиар Кəаӡҧҳа лабшьҭра Аҧснынтə ихҵəақəаз иреиуоуп, Ҵабал инхон. Лара лабду Ҭырқəтəылаҟа данцоз ихы идыруа, иибаз-иаҳаз, дзықəшəаз ахҭысқəа еиҭеиҳəартə дыҟан.
"Сара сабду Саид ихьӡын, уи иаб Ашьханыҟəа ҳəа иарҳəон. Санду, саб иан Қапҧҳан, сан Амҷыҧҳауп. Сандуцəа сабдуцəа сырхаануп, еидтəаланы ианеицəажəоз: "Аҧсны ҳахьзымцо, ҳахьзымнаӡо џьара ҭыҧк аҿы иҟоуп", - рҳəалон. Аара рҭахны, игəхьааргауа, арахь изымаауа, ргəы ашьа ҭаны убас иалацəажəон", - абас, ҳаиҿцəажəара ахы ыҵнахит Гəлиари сареи.
Аҧсныҟа аара ишазгəышьуаз амшын нырцə инхоз ҳхылҵшьҭрақəа реиҳараҩӡак рыҧсадгьыл абара рмаӡакəа рыдунеи рыҧсахгəышьеит. Анцəа иџьшьаны, иҳабжьаз аихатə гəашəқəа аатуа ианалага, аиҭанаиааиреи аибабареи хацыркхеит.
"Ҵабалынтə ихҵəақəаз Ҭырқəтəыла иахьнанагазгьы Аҧснытəи рқыҭа ахьӡ аҭаны ишьақəдыргылеит. Сабду 15 шықəса ихыҵуан арантə атəым дгьыл данықəнагала. Ашьханыҟəа захьӡыз сабду иаб иҭаацəа иманы дыхҵəагəышьеит. Ҵабал иахьынхоз шьхаҭыҧын рҳəалоит. Арахə рацəаны ирымазаарын. Уахь иандəықəла арахəқəа ирзыруааз, "иоушьҭны абна илаҵаны ҳааит", - рҳəозаарын", - илгəалалыршəоит Кəаӡҧҳа.
Гəлиар Кəаӡҧҳа ажəытə жəабжьқəа акыр дрызҿлымҳауп, илдыруагьы маҷым, илзымдыруа, зыҭҵарра дахьымӡаз гəалас илымоуп, иҟоуп ҳарҭгьы иаҳзеиҭалҳəақəаз.
Чаары Жаде: сгəы-сыԥсы Аԥсны иҟоуп, ара сынхарц сҭахуп
"Саби саб иашьеи еидтəаланы акыр Аҧсны иадҳəалаз аҭоурыхтə хҭысқəа еиҭарҳəалон, саргьы рзыӡырҩрра бзиа избон. Сабду ихылҵшьҭра Ҭырқəтəыла ҳрацəаҩуп. Саб иашьцəеи иареи фҩык ыҟан. Урҭ рыхшара, рмаҭацəа иахьа аџьџьаҳəа иҟоуп", - лҳəеит Кəаӡҧҳа.
Гəлиар Кəаӡҧҳа дҭаацəароуп, ҩыџьа ахшара дрануп. Лыҧшəма Ведаҭ Шора, дадыгьоуп, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра далахəын, иан даҧсыуоуп Кəыџҧҳауп.
"Аҧсны Аџьыньтəылатə еибашьра анынҵəа сыҧшəма Маиҟəаҧҟа диасит, уа акриуан. Аҭаацəара анаҧаҳҵа саргьы уа сыҟан, ахəыҷқəагьы уа иит, анаҩс Ҭырқəтəылаҟа ҳаиасит, ҳусқəагьы уа еиҿаҳқааит. Аҧсны ҳаҧсадгьыл ауп, бзиа иаҳбоит. Сара хынтəуп арахь саауеижьҭеи. Саацыҧхьаӡа аҧхыӡ збазшəа сҟалоит, џьарантə сааит ҳəа сызхаҵаӡом", - лҳəеит Гəлиар Кəаӡҧҳа.
Гəлиари сареи ҳаиҿцəажəара акыраамҭа имҩасуан, ирацəоуп дызлацəажəоз еиҭалҳəоз ажəабжьқəа. Урҭ зегьы луанытə уааимнадон. Гəлиари сареи ҳаицəажəонаҵы лшьапы дыхгылан, дагьымтəеит, амш ахəларахь инеихьан. Ус зҿаазхаз ақəаҧсатагьы ааҳахьӡеит, иҧхаӡа арыцқəа ҳақəнаҭəон, ҳаицəажəарагьы гəыблыла иацаҳҵон.
"Ҳаиҳабацəа ирбаз аџьабаа есқьынагьы иалацəажəон. Ацəуардын ала амҩа ианықəыз рыҧсы ахьыршьоз амца еиқəырҵацыҧхьаӡа, имырцəаӡакəа рымҩа ианацырҵалак, рымцакəицқəа ахəа илаҵаны иргон, нас даҽаџьара рыҧсы ахьыршьоз рымца неиқəырҵон. Убас рымца мырцəакəа Ҭыркəтəыланӡа инаӡеит рҳəалон, абас аџьабаа ду рхыргагəышьеит", - ажəытə жəабжьқəа дыргəыланахаланы дҳацəажəон Гəлиар.
Ақыҭараҿы Гəлиар аҭаацəара ду аҿы дынхон. Уаҟа, хымҧада аҧсуара агəы еилашуан, аҧсуа бызшəа аҳра ауан.
"Сара ҧшьҩык аишьцəа сымоуп, саҳəшьеиҳаб дыҟоуп. Аҭаацəараҿы аҧсуа бызшəа ахьҳаҳауаз иабзоуроуп иахьа издыруа сбызшəа. Ақалақьқəа рахь иагақəаз, уатəи аҧсҭазаареи аҭагылазаашьеи иаҧсахуеит, аҧсышəала уцəажəаргьы, иудыруазаргьы узацəажəо уаҩ дыҟаӡам, уиазы иухашҭуеит. Ахəыҷқəа идсырҵарц сҭахуп даара", - лыгəҭыхақəа дҳазрылацəажəон Гəлиар.
Арҭ амшқəа рзы Ҭырқəтəылантəи ҧсшьара иааны иҟоу ҳџьынџьуаа ргəыҧ напхгара азҭо дыруаӡəкуп Гəлиар Кəаӡҧха. Лара лыхшарагьы ари агəыҧ иалоуп.
"Аҳəаа ҳанаахыс, сыҷкəын ус саиҳəеит: "сан, абра ҳабзахап"-ҳəа. Абыржəы Аҧсныа иааҳгаз ахəыҷқəа убас ирҭаххеит, Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет ҳҭалар ҟамлаӡои, ҳанхар ҟамлаӡои?"-ҳəа иҳазҵаауеит. Ус расҳəеит саргьы : "шəааи, қыҭак аанаҳкылап, ҳаицынхап, аратəи ҳашьцəеи ҳареи ҳаишьцылап, ҳгəыбылрагьы еибакып"-ҳəа. Ах, шаҟа ибзианы ибхəыцзеи"-ҳəа сарҳəеит игəырҕьаҵəа", - лҳəеит Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу ҳџьынџьуаҩ.
Аҧсны зыҧсшьарамшқəа зхызго ахəыҷқəа ракəзар, даара рхы-ргəы иақəгəырҕьо иҟоуп рыҧсадгьыл аҿы. Ихаҭəаау апрограмма рзеиҿкаауп, ртəыла аҭоурыхтə ҭыҧқəа ирҭааит, рашьцəеи дареи еибабеит, рныҟəарақəагьы макьана ирыцҵоуп.
"Ахəыҷқəа рхаҭқəа ирбарҭахеит арахь ианаа аҧсышəала ацəажəара шаҭаху, уи ада ҧсыхəа шыҟам рыҧсадгьыл аҿы. Аҧсуа бызшəа ҳҵар ауп ҳəа игылеит. Уи заҟа аҵанакуазеи?! Абас еиҧш аҿар злахəу апрограмма аиҿкаара хҭыс дууп, иазааҧсаз зегьы ҭабуп ҳəа расҳəоит"-ҳəа азгəалҭеит Гəлиар.
Аҧсуара мырӡкəа иныҟəызго ҳџьынџьуаа, рыблаҷыц еиҧш ирыхӡыӡаауеит рқьабзқəа. Еизҳауа абиҧарақəа ирҿырҵааша акырӡа ирацəоуп.
"Аҧсуара, ари зегь раҧхьа иргыланы аҳаҭыреиқəҵара ауп. Уара ухы пату ақəуҵар, даҽаӡəгьы иқəуҵоит, уи ламысуп. Аҧаразы зегь ҟауҵар ҟалаӡом. Уара иутəым уара иуцəтəымуп, аӡəы итəы уашьҭамлан , уара иумоу ухы иархəаны убзахароуп ари адунеи аҿы"-дҳацəажəон Кəаӡҧҳа.
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп
Аҧҳəыс хатəра, аҧҳəыс аамсҭашəа, аҧҳəыс ҟəыҕа, ан хазына Гəлиар Кəаӡҧҳа, аҧсуа ҧҳəыс аҭаацəара реиҿкаааҟны, реизырҳараҟны, рымҩақəҵараҿы лылша акыр ирацəоуп ҳəа лыҧхьаӡоит.
"Аҧҳəыс илылымшо акагьы ыҟаӡам. Ахаҵа данныҟəо, аҧҳəыс ашьҭахь дгылоуп аха, аҧҳəыс лажəа акрыҧхылнадо иҟоуп иахьа уажəраанӡа. Аҧҳəыс даара пату лықəуп, дҭацазаргь, данызаргьы, дандузаргьы лҭыҧ ҕəҕəоуп, лус лбоит. Сара Ҭырқəтəыла аҧшӡаратə салон сымоуп, бзиа избоит аҧҳəыс лхы данацклаҧшуа, лусқəеи лыҧшӡареи анеилалыгӡо", - ҳəа азгəалҭеит Гəлиар.
Гəлиар лгəазхара илзымбо лыҧсадгьыл даацыҧхьаӡа датəнатəуеит, лгəаҵаҿы зыҽцəырызго ахəыцрақəа деимаркуеит. Ҩаҧхьа дырзыхынҳəуеит лыгəҭыхақəа, урҭ есааира дыргəылархалоит.
"Сара Аҧсны избаз Кəаӡбақəа сашьцəа, даҽаџьара избаргы Кəаӡаа ишреиуаз здыруан,ус ауп, ишырҳəо еиҧш, ашьа ахала аҽадыруеит. Ҧшра-сахьала зынӡа ҳаиҧшуп, убас сгəы иаанагоит. Сара Аҧсны раҧхьаӡа акəны санаа, ауха сызмыцəаӡеит, адунеи сықəыҧшындаз, сыздəылҵындаз ҳəа сгəаҟуан. Нас ҳныҟəеит, ҳцəажəеит, зегь ҳбеит, ҳгəы ҳарҭынчит", - лҳəеит ҳџьынџьуаҩ.
Нырцəи-аарцəи ҳəа еиҟəшоу ҳауаажəлар ирыбжьоу аимадара иамазароуп агəыбылра. Уи акыр иҳəаақəнаҵоит анаҩстəи аусқəа.
"Аҳаиртə баҕəазаҿы иаҳҧылаз аҧсуаа зеьы сара исҭынхацəазшəа сзааит, иаасгəыдсыҳəҳəалеит. Избоит шаҟа гəыблыла иаҳҧылаз ҳашьцəа. Адунеи аҿы егьа ихараны ҳаҟазаргьы ҳгəы-ҳаҧсы ҳаҧсадгьыл аҟны иҟоуп. Ҳашьцəа ҳаҧсадгьыл ҳзырыхьчеит, рыҧсқəа ахҭнырҵеит, џьанаҭ ҭыҧс ироуааит зегьы. Ҳаибабара зыҧсоу акала иузыкапануам", - ҳəа азгəалҭеит Гəлиар Кəаӡҧҳа.
Намық Арсҭаа: унапы злаку аус гəыла-ԥсыла уазнеиуазароуп
Ҳаиҿцəажəара ахыркəшамҭазы, Гəлиар даасҿаҧшын ус салҳəеит: "уажə даҽа жəабжьыкгьы аасгəалашəахт"-ҳəа. Уи иарбанушь?
"Ҳабдуцəа арантə иқəҵны ианцоз раанда ла хəыҷык ыҟазаарын, уахь ирыцны ицеит. Уа иахьнаргаз ҩымш-хымш раҟара иҟан, ашьҭахьы игьежьны арахь иааит. Ара инхаз ҳашьцəеи дареи ашьҭахьы инеибаба, ала хынҳəны иааит ҳəа анрарҳəа, иџьаршьазаап... Сабду иашьакгьы дахьаанхаз рзымдыруа дыӡит, арахь даама, даҽаџьара дагама егьрыздыруамызт...", абас, ҵыхəаҧҵəара рымамызт ҳџьынџьуаҩ Гəлиар Кəаӡҧҳа лхьаагареи лгəырҕьареи иызкыз ажəабжьқəа.
Гəлиар Кəаӡҧҳа даҿахəҳəагоуп, агəыҕрагьы лымоуп Аҧсны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рахьтə мышкымзар мышкы зыҧсадгьыл ахь ихынҳəуа шыҟало. Ус еиҧш ахҭыс гəырҕьахə хара инамгакəа инаӡахап ҳəа ҳарҭгьы ҳгəы иаанагоит.