Аԥсны алхратә комиссиа аҽа хҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭарҩит

© Sputnik Регистрация кандидатов в президенты в ЦИК
Регистрация кандидатов в президенты в ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ быжьҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭарҩит ԥхынгәы 19 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥысыз Алхратә комиссиа хада алахәылацәа реиҳараҩык аӡбра рыдыркылеит Асҭамур Какалиа, Асҭамур Оҭырба, Артур Анқәаб Аԥсны ахадаразы кандидатцәас ашәҟәы иҭагалазарц. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Иара иажәақәа рыла иҟан АКХ алахәылацәа арҭ ахаҿқәа ашәҟәы рҭагалара зынӡа иақәшаҳаҭмыз.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

"Ҳара уаанӡагьы анапынҵамҭақәа гәыҩбара ҳарҭомызт. Азакәан ишаҳәо ала арыцхәқәагьы знапы анызҵо ахаҿы инапала иарбазароуп. Иара убри аан асанкциақәа ирыҵаркуа анапынҵамҭақәа роуп. Ажәакала, бжьеиҳала иӡбан арҭ ахҩык ашәҟәы иҭагалазарц", - иҳәеит иара.

АКХ аилатәараан иара убасгьы иалацәажәан аефир аамҭа аиуразы аҵәҭаԥсара азҵаарагьы. Уи адагьы иахәаԥшын Иорданиа инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рааԥхьара.

"Азакәанԥҵара иалнаршом иахьатәи аамҭазы Иорданиа абжьыҭирақәа рымҩаԥгара. Ҳара аҭакс ираҳҳәеит абжьыҭира ара ма Сҭампыл ирзалыршозар, гәахәара дуны ишаабо", - иҳәоит Гогьиа.

Иахьатәи аамҭазы атәыла ахадаразы еиндаҭлоит жәаҩык: Рауль Ҳаџьымба, Леонид Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа, Шамил Аӡынба, Олег Аршба, Алмас Џьапуа, Асҭамур Ҭарба, Асҭамур Какалиа, Асҭамур Оҭырба, Артур Анқәаб.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0