Кәырбанныҳәа, нанҳәа 12 рзы ԥсшьарамшуп

© Sputnik / Илона ХварцкияКәырбанныҳәа
Кәырбанныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсылманныҳәа Кәырбан-Баирам азгәарҭоит амҽыша, нанҳәа 11 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 6— Sputnik, Бадри Есиава. Кәырбан-Баирам аныҳәамш амҽыша, нанҳәа 11 иахьақәшәаз инамаданы ашәахьа, нанҳәа 12 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп ареспубликаҿы.

Кәырбан-ныҳәа адунеи атәылақәа жәпакы рҿеиԥш Аԥсынгьы иазгәарҭоит. Иара азгәарҭоит Ураза Баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны. Аныҳәа мҩаԥысуеит хԥа-ԥшьба мшы.

Изылшоны иҟоу аԥсылманцәа аӡатә ҟаҵаны акәац шаны ауаа ирырҭоит. Абри амш аҽны анарцә иҟоу ргәаладыршәоит, рыхьӡала Аллаҳ иҳәоит.

Аныҳәа мшқәа рзы еибаҭаху ауаа еиҭанеиааиуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0