АКХ: абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа рыла алхрақәа ирылахәхоит 459-ҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа атәылаҟны ишалагаз атәы.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Уажәтәы аамҭазы иҭаҩуп абжьыҭаразы азин рызҭо аршаҳаҭгақәа рыла алхрақәа ирылахәхар зылшо 459-ҩык ауааԥсыра, абри атәы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит

"Абжьыҭаразы азин узҭо аршаҳаҭга рырҭоит алхратә комиссиа алахәылаҩцәа. Абри аамҭазы аршаҳаҭгақәа рыла рыбжьы арҭоит 459-ҩык ауааԥсыра", - иҳәеит иара.

Ас еиԥш аршаҳаҭгақәа рырҭоит 2016 шықәсазтәи атәылауаҩшәҟәқәа рҟны анхарҭа ҭыԥ ззарбам атәылауаа. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара уажәтәи аамҭазы иартәоит 118 нызқьи 931 уаҩԥсы.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирылагеит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0