Азакәан инақәыршәаны: Урыстәылатәи асенаторцәа Аԥсны алхрақәа ахәшьара рырҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи асенаторцәа Аԥсны алхрақәа ахәшьара рырҭеит
Урыстәылатәи асенаторцәа Аԥсны алхрақәа ахәшьара рырҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аҟынтәи аделегациа Аԥсны ахада иалхрақәа ишрыцклаԥшуаз, лкаақәас иҟарҵаз уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik Аԥсны аматериал аҟны.

Аԥсны ахада иалхрақәа раан наԥшыҩцәак раҳасабала иааз Урыстәыла Афедерациа ахеилак алахәылаҩцәа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны ажурналистцәа ирыҿцәажәеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Азакәан инақәыршәаны

Урыстәыла Афедерациа ахеилак аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аделегациа аиҳабы Фарит Мухаметшин еиҭеиҳәеит рделегациа алхырҭатә ҭыԥқәа 24 ишырҭааз, убарҭ рхыԥхьӡараҿы атәыла инахароу араионқәа рҟны иҟаз рахьгьы.

"Ҳара ҳгәаанагарала, Аԥсны алхрақәа адемократиатә шьаҭа рыманы, атәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, иаартны имҩаԥысит. Алхырҭатә ҭыԥкәа ҳәоуеиқәшәарыла аус руан, алхрақәа рцашьеи рылҵшәеи анырра азҭашаз акрызҵазкуаз еилагара ҳәа акгьы ҳамбеит", - иҳәеит иара.

Мухаметшин излазгәеиҭаз ала, алхыҩцәа реиҳараҩык ргәы иҵхоз азҵаарақәа иреиуан ртәылаҿы ишьақәгылоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра акәын.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи атур: Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз

"Ҳзыҿцәажәоз реиҳараҩык иазгәарҭон ́Урыстәыла дара рҭынчреи реизҳазыӷьареи иргарантны ишырбо, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ҩаԥхьагьы рырҭбаара шаҭаху", - иҳәеит иара.

Алхрақәа мҩаԥысит

Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Ольга Ковитиди алхрақәа рыҽны даҭааит Афон ҿыц иҟаз алхырҭатә ҭыԥқәа, лара лажәақәа рыла, алхратә процесс аартны, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәыршәаны имҩаԥысуан.

"Хымԥада анаԥшцәа алхрақәа иахьрылахәу атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчаразы ицхыраагӡа дууп. Алхыҩцәа ҳанрыҿцәажәоз иубартә иҟан аҿиарамҩа ишазыԥшу, рзинқәеи рхақәиҭрақәеи аӡгьы ишеилеимго", - лҳәеит анаԥшҩы.

Урыстәыла Аԥсны партниорс иаԥхьаӡоит лҳәеит Ольга Ковитиди.

"Ҳара иаҳҭахуп абри атәыла ссир аҿы ауаа насыԥ рыманы инхаларц. Урыстәыла иалшо зегь ҟанаҵоит шәсуверентә ҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ауаа рацәан. Гәык-ԥсык ала ҭаацәала иааиуан абжьыҭаразы", - лҳәеит лара.

Анаԥшҩы Михаил Козлов иазгәеиҭеит абжьыҭараан ашәарҭадара аиҿкаара бзиа шамаз.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

"Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ашәарҭадара шьахәны еиҿыркааит. Уажәы, акурорттә сезон аамҭазы уи имариам усын, аха иалдыршеит. Ауаа аныҳәахь иаауазшәа иааиуан абжьыҭарахь", - иҳәеит Козлов.

Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа Ахеилак алахәыла Алексеи Кондратиев иҳәеит абжьыҭара активла ишымҩаԥысуаз.

"Аԥсны активтә граждантә уаажәларра ыҟоуп. Алхратә комиссиақәа рлахәылацәагьы активла аус руан", - иҳәеит Кондратиев.

АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, Рауль Ҳаџьымба 23,85 % абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа - 21,97%. Олег Аршба - 21,60%, Асҭамыр Ҭарба - 6,60% , Алмас Џьапуа - 2%, Леонид Ӡаԥшьба - 5,70%, Шамил Аӡынба - 4,14%, Асҭамыр Какалиа - 0,97%, Артур Анқәаб - 1,60%. Алхрақәа ирылахәын 86 138–ҩык алхыҩцәа, процентла уи шьақәнаргылоит 66,55%.

Ахыркәшаратә еихшьаалақәа мҩаԥгахоит хымш рышьҭахь.

Уаанӡа акандидат Олег Аршба икоманда Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азхарҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0