Аҩбатәи атур: Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысызи, аԥыжәара зауз, аҩбатәи атур анымҩаԥгахо атәы Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. АКХ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 56% алхыҩцәа абжьыҭирахь инеиит.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Алхрақәа аҩбатәи ртур

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур шымҩаԥгахо атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҩбатәи атур ахь инеиит Рауль Ҳаџьымба - 23,85%; Алхас Кәыҵниа -21,7%.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин аҩбатәи атур далацәажәо иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур ахь дышнеиз, аҩбатәи акандидат ихьӡ ашьақәыргылара ишаҿу.

Олега Аршба икоманда акәзар иазхарҵеит Алхас Кәыҵниа иԥыжәара.

Алхрақәа мҩаԥысит

Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аркын азакәан инақәыршәаны асааҭ 20:00 рзы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла 56% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит.

Асааҭ 15:00 рзы 30-процент ауаа рыбжьы рҭихьан Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҟны. 40% инареиҳаны алхыҩцәа рыбжьы рҭиит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҿы.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит цәыббра 8 рзы

Зегь раасҭа абжьыҭирахь инеиит Гал араион аҿы – 63,38% процент.

Алхратә биуџьет

17 миллион мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарра иахнашәааит Аԥсны ахада иалхрақәа реиҿкаара ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Аԥхьанатә алхрақәа реиҿкааразы иазԥхьагәаҭан 15 миллион мааҭ. Аха азакәанԥҵара аԥсахрақәа инарыдҳәаланы, ахада ирезервтә фонд аҟынтәи аҽа ҩ-миллионки 730 нызқь мааҭи рзоужьын. Иааидкыланы 17 миллион 730 нызқьмааҭ аԥара артәеит", - иҳәеит Гогьиа.

Жәларбжьаратәи апресс-центр аиҿкааразы 2009 шықәса раахыс ацхыраара ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа. Аха сынтәатәи алхрақәа раан Аԥсны ахатәы мчыла аус ауеит, амала атехникатә цхыраареи уааԥсыралеи адгылара ҳарҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи рколлегацәа. Уи азы Гогьиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ алхрақәа реиҿкаара иахҭынҵоу аԥара иалацәажәеит

Аилагарақәа аҭыԥ рымам

Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҳәынҭкарратә ахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа.

Алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иахьаҵанакуа ацәгьоурақәа ҩба ҟалеит иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ареспублика АКХ Жәларбжьаратәи апресс-маҵзураҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ҽынла нанҳәа 25 рзы аӷьычра ҟалеит. Ацәгьа зуз иаарласны даанкылан. Араион ҿыц аҿы даанкылан жәа-граммк амарихуана здырбалаз ахаҿы.

Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥысраан азинеиҿкаара иахылаԥшуан 700-ҩык амилициауаа инареиҳаны.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла аилагарақәа макьаназ иазгәаҭам.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥкәа рҟны амҽыша, нанҳәа 25 асааҭ 14:00 рызтәи аинформациала азинеиҿкааратә еилагарақәа ҭаҩым, иҳәеит Аԥсны ААР аиҳабы Гарри Аршбагьы, Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирӷәӷәоу аусушьахь ииагоуп. Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгараан ААР ахатә еилазаара азинеиҿкаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи ирхылаԥшуеит 37 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны.

Аԥсны аҵакыраҿы абри амш иалагӡаны имҩаԥган ацәгьоурақәа ҩба: ақалақьтә џьырмыкьаҿҿы аӷьычреи (ацәгьоуҩы даанкылоуп), Араион ҿыц аҿы жәа-граммк здырбалаз ахаҿы иаанкылареи.

Анаԥшыҩцәа

Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахылаԥшра мҩаԥыргон жәларбжьаратәи ахылаԥшыҩцәа. 50 рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирҭааны иҟоуп.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟынтәи анаԥшҩы Владимир Катенев ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит алхрақәа закәанеилагарада ишымҩаԥысуа.

Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Рыгәра рымгеит: европатәи анаԥшыҩцәа рпаспортқәа ддырбарц ирыҳәеит

Алхрақәа аԥсуа жәлар рыҩныҵҟатә ус ауп, Москва акәзар, Аԥсны ажәлар ргәы иалнахыз дарбанызаалак адгылара инаҭоит ҳәа иҳәеит Аԥсны иааны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат, ИАР атәылақәа русқәа рзи, евразиатәи аинтеграциази, аџьынџьуаа реиныррази аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

"Ҳара акандидатцәа зегьы ҳзеиԥшны иҳаԥхьаӡоит. Ибзианы иаадыруеит Аԥсны Урыстәыла ишақәгәыӷуа. Алхрақәа ирылҵшәаны Аԥсны Урыстәыла мап ацәызкша аӡәы дҟалап ҳәагьы агәра ҳазхаҵом", - иҳәеит урыстәылатәи адепутат.

Затулин ааԥхьара риҭеит аполитикатә мчрақәа аҭынчра ашьақәҟьара алдмыршарц азы.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥган нанҳәа 25 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аатит ашьыжь, асааҭ 8:00 рзы. Иадыркит асааҭ 20:00 рзы.

Алхырҭатә ҭыԥқәа иара убасгьы иаартын Москвеи Черкесски.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалаӡом
  • Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

 

Ажәабжьқәа зегьы
0