Ақаҩба Лавров дидныҳәалеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа 11 шықәса рхыҵра инамаданы

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаги Абхазии и России
Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан 2008 шықәса, цәыббра 9 рзы.

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсныи Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи жәеиза шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

"Иахьа иҵит жәеиза-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи. 11-шықәса раԥхьа, цәыббрамза 9, 2008 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуан. Уи аҽны Урыстәылатәи Афедерациа акрызҵазкуа ашьаҿа ҟанаҵеит, ари ахҭыс иабзоураны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракахьы рнагара алыршахеит. Иахьа Аԥсныи Урыстәылеи русеицура агәреибагареи, зинла аиҟарареи, аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас иаманы ишьақәгылоуп", - ҳәа.

Даур Ақаҩба ҷыдала азхьаԥшра аиҭеит Сергеи Лавров аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рҿы илагала дуқәа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ԥхьаҟагьы хықәкны ирымоуп ганрацәала реиҩызара арҿиареи аԥсуа-аурыс еинырра аҿаиара аԥеиԥш инарҭбааны аарԥшреи", - азгәарҭоит Аԥсны ААР аҿы.

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Абри ашьҭахь Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан 2008 шықәса, цәыббра 9 рзы.

Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини раԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит 2014 шықәса рзы. Усҟан дара рнапы аҵарҩит Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын Путин шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҿы абҵара 24, 2014 шықәса рзы.

Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит - Sputnik Аҧсны
Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит

Аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 15, 2015 шықәса рзы, Шәача. Усҟан азхьаԥшра аҭан Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара шымҩаԥысуа.

Аԥсныи Урыстәылеи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны реинырра иалацәажәан Москва, жәабран 18, 2016 шықәса рзы.

Пицунда, нанҳәа 8, 2017 шықәса рзы имҩаԥысит аԥшьбатәи реиԥылара. Усҟан напы аҵаҩын Амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Путини Ҳаџьымбеи абри ашьҭахьтәи реиԥылара мҩаԥысит абҵара 21, 2018 шықәса рзы, Шәача. Усҟан урҭ алацәажәеит Аԥсны абанктә система аҿиара, абахҭа ҿыц аргылара, ақыҭанхамҩа ацхраара уҳәа егьырҭ крызҵазкуа азҵаарақәа.

2019 шықәса нанҳәамза 6 рзы, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 11 шықәса ахыҵра аламҭалазы, Шәача имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиԥылара.

Аԥсныи Урыстәылеи хәаахәҭратә партниорцәоуп. Убас, 2018 шықәса рзы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара иартәеит 258,6 миллион доллар, убри аан аекспорт – 192,4 миллион доллар, аимпорт – 66,2 миллион доллар.

2019 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра ирыбжьаркуа аамҭазы атауареикәыршара иартәеит 49,9 миллион доллар, урыстәылатәи аекспорт – 38,9 миллион доллар, аимпорт – 10,9 миллион доллар.

Ажәабжьқәа зегьы
0