Sputnik
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара — ари аԥсуа жәлар зегьы рџьабаа иалҵшәоуп", — иҳәон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Жәеиза шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев.
"Ахьыԥшымра азҳаҵара амш ус баша иҟалаз ак акәым, уи аԥхьа ирацәаны аполитикатә хҭысқәа ыҟан. Егьа ауадаҩрақәа ҳхаҳгазаргьы, азакәантә мҩа ҳанын ҳара еснагь, ахьыԥшымра иҳахәҭаны иҳауит. Усҟантәи аамҭаз иҳадаҳкылоз еиуеиԥшым адокументқәа зегьы аӡәгьы ииҭахым ҳәа ҳгәы иаанагон, аха ианаҭахха дара акырӡа иҳацхрааит. Ҳара ҳдипломатиа иалшаз рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Сергеи Шамба.
Жәеиза шықәса аҵра ари аиубилеитә рыцхәӡам рҳәоит аполитикцәа, ари аамҭахәҭа иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара акыр зҵазкуа хра злоу аизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.
Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амши Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар иааныркылаз Аиааира амши илнаҭаз ацәаныррақәа еидылкалоит, урҭ иреиҳау мшы ыҟаӡам ҳәа азгәалҭоит лара. Аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь аԥсҭазаара уадаҩын аҟынтә, аԥсуа жәлар агәрагара рымамызт азхаҵара ҟалоит ҳәа.
"Аԥсны ахьыԥшымра амш иадыскылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аиааира анаҳгаз амш. Арҭ аҩ-мшык иреиҳау сара сзы арыцхә зыҟалаӡом. Аибашьраҿы аиааира анаҳга, ажәҩан аҟынӡа ҳзымнеит акәымзар, убас ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иҟаиҵаз азхаҵарахьы ашьаҿа - ари аӡәы-ҩыџьа ирыбзоуроуп ҳәа ахаангьы ҳәашьа амам. Ари акыр шәышықәса ҳажәлар еицықәԥаны еицеизааргаз ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари аус ԥшьа анагӡаразы аӡәырҩы рхы ақәырҵеит, рыԥсҭазаарақәа азыркит, аӡәырҩы рҵара, рдырра, рыхшыҩ адырҳәалеит. Ари аус аҿы иалкааны рыхьӡ ҳәатәуп ҩыџьа аԥызацәа - Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи. Дара рҩыџьагьы ҳ-Аԥсны хаз ҳәынҭқарраны иҟаларц азы Анцәа ду иаҳзишаз роуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Владислав Григори-иԥа иҟаиҵаз ашьаҿақәа ирыциҵеит Сергеи Уасил-иԥагьы, дара иҟарҵаз аус ду иахылҿиааит Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара амш", - лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.
Бебиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, нанҳәамза 26 амш ахааназ ишылхамышҭуа.
"Уи аҽны Ахақәиҭра ашҭаҟны иҟаз агәырӷьара ахаан исхашҭуам. Ажәлар рыччабыжь, рашәаҳәабжьы ашҭа ҭнарцәажәаауан. Сергеи Баӷаԥшьи усҟан Аԥсны анапхгараҿы иҟаз зегьи ашҭа ианаақәла ажәлар зегьы еицҿакны аҿыҭра иалагеит "Багаԥшь" ҳәа. Ажәлар реицгәырӷьабжьы ахааназ ԥсыуак ихашҭып ҳәа сгәы иаанагом. Ҳара ҳаӡәыкны ҳаныҟала иҵегь аҳәынҭқаррақәа ҳаицазхарҵоит",- ҳәа лыԥхьаӡоит ажурналист.
Ҳаԥсадгьыл азхаҵара амш Аԥсны зегь шазыԥшыз еиԥш саргьы сазыԥшын, иҳәоит ажурналист Бадраҟ Аҩӡба, уи аамҭа ааиуеит ҳәа еснагь агәыӷра иман.
"Нанҳәа 26 аԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рышьҭахь азхаҵара шҳауаз ала лымҳаҭасқәак ҟалахьан, аха инҭкааны аӡәгьы изҳәомызт ианыкәу. Нанҳәа 26 мышқәак шагыз Аԥсны зегьы иаарылаҩит Аԥсны азхаҵара шаиуа. Сара ахаан исхашҭуам ауниверситет афилологиатә факультет адекан икабинет аҟны Дмитри Медведев иқәҵара дшаԥхьоз зегьы ҳаизаны ҳаназыӡырҩуаз. Ҳәарас иаҭахузеи, ари гәырӷьаран зегь ҳзы, ҳазегь ҳгәыдибакылон, ҳаидныҳәалон, аныҳәаҿақәа шьҭаҳхуан. Зегьы иргәаладыршәон ари амш аагара зыбзоуроу аибашьраҿы иҭахаз ҳашьцәа. Иахьа жәеиза шықәса ҵуеит уи амш аахижьҭеи, сгәаанагарала, ҳара иҵегь ҳаиҷаҳауазар ауп иҳамоу ахьыԥшымреи азхаҵареи, ҳҳәынҭқарра иҵегь ирызхьаԥшуазар ауп зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу ауаа. Ихьыԥшым, иазхаҵоу аҳәынҭқарра иқәынхо ауаажәлар иахьынӡахәҭоу иахылаԥшуазар ахәҭоуп. Зегьы ирыдысныҳәалоит ари амш, агәра згоит, ҳҳәынҭқарразы иреиӷьу аамҭақәа ԥхьаҟа ишьҭоуп ҳәа", - игәалашәарақәа дырзаазҭгылоит Бадраҟ Аҩӡба.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәса алҵшәақәа рыла иаагаз ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы ианазханаҵа инаркны шьаҿа-шьаҿала иалагеит ҳхьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу быжь-ҳәынҭқаррак – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Арсалиаԥҳа нанҳәа 26 рзы аконцерт азы: акультуратә проект хацыркхоит
-
Ҷаниа Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкны: жәытә-натә аахыс ҳзызхәыцуаз ҟалеит