Аҟәа абылра ӷәӷәа ҟалеит

© Foto / МЧС АбхазииЛесной пожар в городе Сухум
Лесной пожар в городе Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩ-гектарк инарзынаԥшуа аԥсара амца акит. Абылраан ԥсыҭбара ҟамлеит. Амцарцәара иаҿын 20-ҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь, Университетскаиа амҩаҿы абылра ӷәӷәа ҟалеит ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҿы амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Тимур Кәыҵниа.

"Амцакра ҟалеит ҳәа аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит ашьыжь асааҭ 9 рзы. Асааҭ 13.00 рзы амцарцәаҩцәаамца арцәара рылдыршеит", - ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит АҶА аусзуҩцәа.

Амца хәыҵҟьеит анхарҭҩнқәа ирцәыхарамкәа, аха уахь инамышьҭкәа амца арцәара алыршахеит, рҳәеит ареспублика АҶА аҟны.

Амцарцәара иаҿын 20-ҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәа.

Атехника ҷыда анеира уадаҩын, амцарцәаҩцәа аӡымҩангага шлангқәа 400 метра рнагара рықәшәеит.

"Амцакраан ԥсыҭбара ҟамлеит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0