Альберт Бондаренко Ҟарачы-Черқьесиа атурнир аҿы аиааира игеит

© Foto / Альберт БондаренкоАльберт Бондаренко
Альберт Бондаренко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарачы-Черқьесиа Зеленчук араион аҿы имҩаԥысит аԥсыӡкразы ареспубликатә чемпионат. Уи далахәын аԥснытәи аспортсмен Альберт Бондаренко.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аԥсыӡкреи ашәарыцареи рзы Афедерациа ахада Альберт Бондаренко Ҟарачы-Черқьесиа Зеленчук араион аҿы имҩаԥысуаз аԥсыӡкразы ареспубликатә чемпионат аҟны аԥыжәара игеит.

"Аиндаҭларақәа мышкы ахы-аҵыхәа имҩаԥысуан Архыз ақыҭан иҟоу аӡиаҿы. Ҩыџьа-ҩыџьа аспортсменцәа аӡәаӡәа ӡбаҩы дрыдкылан, 45-45 минуҭ аамҭа рыманы", - ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Альберт Бондаренко.

Ачемпионат аԥҟарақәа рыла, аҵәгәыр аԥсыӡ ԥырхага анамҭозароуп.

"Атурқәа ԥшьба реихшьаалақәа рыла, сара актәи аҭыԥ соуит, счемпионхеит", - иҳәеит Бондаренко.

Ачемпионат иалахәын 25 спортсмен Ҟарачы-Черқьесиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ростов, Краснодар, Аԥсны рҟынтәи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0