Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа ҭоурыхдырыҩ Арвелод Кәыпраа

© Sputnik / Томас ТхайцукАрвелод Куправа
Арвелод Куправа   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхдырыҩ, ашәҟәыҩҩы Арвелод Кәыпраа 95 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Арвелод Кәыпраа аԥсуа культура аҿиара инапы алакын, иҭижьуан архивтә документқәа.

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә занашьо Арвелод Кәыпраа иԥсҭазаара далҵит 95 шықәса ихыҵра аламҭалазы.

"Арвелод Ерасҭа-иԥа иԥсҭазаара далҵит. Иара иналукааша аԥсуа ҵарауаҩын. Азхьаԥшра ду аиҭон ареспублика асовет аамҭақәа рызтәи аԥсҭазаара", - иҳәоит аҵарауаҩ Сослан Салаҟаиа.

Еник Дмитрий - Sputnik Аҧсны
Арадио
Еныкь: аибашьраан иблыз архив ахәҭа маҷк шьақәыргылахар ауеит

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Арвелод Кәыпраа аԥсуа культура аҿиара инапы алакын, иҭижьуан архивтә документқәа.

"Ари акрызҵазкуаз ус дуун, избанзар Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳархив амца иалаблын. Иара иаԥшьгарала икьыԥхьын ихатә архиви Гьаргь Ӡиӡариа ихатә архиви рҟынтәи аматериалқәа", - азгәеиҭоит Салаҟаиа.

Арвелод Кәыпраа Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы илагаламҭа шьардаӡоуп ҳәа ахиҳәаауеит иара.

Арвелод Кәыпраа диит жьҭаара 14 1924 шықәса рзы.

Ставропольтәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт 1948 шықәса рзы далгеит. Аус иуан Аҽгәаратәи аурыс школ аҟны, Тҟәарчал апартиа ақалақьтә еилакы аҿы, Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аҟны.

2004 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху АбИГИ аҟны иусура иациҵон.

Арвелод Кәыпраа инапы иҵижьхьан еиуеиԥшым амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, астатиақәа, аҭоурых иазку аочеркқәа.

Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә ианашьан, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианашьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0