Градла ажәылара: Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа "аӷа" дықәырхит

© Foto / Пресс-служба ЮВОВоеннослужащие ЮВО и Минобороны Абхазии остановили наступление условного противника в горах и на морском побережье
Военнослужащие ЮВО и Минобороны Абхазии остановили наступление условного противника в горах и на морском побережье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа раан "аӷа" иршьаҟауааи ркәылӡтәы техникеи рҭархара мҩаԥыргон 15 километра рҟынӡа инарцәыхараз аҭыԥқәа рҟынтәи.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи ашьхара иаԥнуи амшын аԥшаҳәа иаԥнуи аҭыԥқәа рҿы "аӷа" ижәылара ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы.

"Ажәылара мҩаԥызго "аӷа" иаанкылара мҩаԥган агаубицақәа Д-30, ареактивтә системақәа "Град", аминаршәгақәа "Сани" рхархәарала. Анапхгаратә пункт аҟынтәи иаарышьҭуаз акоординатақәа рыла ахысрақәа иаразнакы имҩаԥыргон артиллериатә хысгақәа рыла", - аҳәоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Иаарԥшыз ацәҟьарақәа ркоординатақәа рышьақәыргылара мҩаԥысуан иҟаҵәҟьоу аамҭа арежим ала. Хысрацыԥхьаӡа артиллеристцәа рҭыԥқәа рыԥсахуан.

Аицҽазыҟаҵара иалахәын зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.

150 ак арратә техника - атанкқәа Т-72Б3, акәылӡтәы транспортиорқәа, БТР-82АМ реиԥш иҟақәоу. Аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахоит амчыбжь анҵәамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0