Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ахҳәаа рзыҟарҵеит

© FotoТурецкий флаг на фоне стамбульского пейзажа
Турецкий флаг на фоне стамбульского пейзажа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Атанур Аҟәысба арадио Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Аԥсны аҭыԥ змоу аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ алҵра алшоит аганқәа ркомпромисс ала ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҳара Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы ҳрышьклаԥшуеит. Ҳхы-ҳаԥсы зегьы ҳаԥсадгьыл аҿоуп иахьыҟоу. Ҳгәыӷуеит ахада, аоппозициа, аӡбарҭақәа, адепутатцәа еилацәажәарак иазкылсып ҳәа. Ҳара иахьа иҳамоуп алшара шәышықәсала ҳабацәа ззықәԥоз аҳәынҭқарра аргыларазы", - иҳәеит иара.

Асеиԥш аҿагыларатә акциақәа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы имҩаԥысуеит аха Аԥсны уи аҳәынҭқарреиҿкаара аԥхасҭа анаҭар алшоит ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0