Ахада ҿыц далырхаанӡа Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба ажьырныҳәа 11 рзы абрифинг мҩаԥигеит. Абрифинг аҿы далацәажәеит атәыла аиҳабыреи ахадеи русура мҩаԥысраны ишыҟоу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥыза-министр Валери Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит азакәанԥҵара инақәыршәаны ахада ҿыц далхны иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысаанӡа Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалоит ҳәа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, аԥыза-министри аоппозициа аԥхьагылеи аиԥылара рыман. Ари аиԥылара Бганба хра аманы ишьеит.

"Сгәы иаанагоит иахьатәи аиԥылара ашьҭахь Аминистрцәа реилазаара аппарат аусура иалагартә аҭагылазаашьа ҟалап ҳәа", - иҳәеит Бганба.

Иахьатәи реиԥылара ашьҭахь Аминистрцәа Реилазаара аппарат ахь ҳнеира алдыршап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, адокументқәа реиҭанагаагара азҵаара ахьықәгылоу инамаданы.

Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Ажьырныҳәа 10 рзы акциа иацҵан. Арахь иааит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәагьы. Асааҭ 15.00 рзы иазыԥхьагәаҭан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара.

Аӡбара аилатәара аадыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьенко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Нургалиев иаареи ахашшааратә инстанциа аӡбамҭеи: акциатә ҿагылара амҩаԥысшьа - Sputnik Аҧсны
Нургалиев иаареи ахашшааратә инстанциа аӡбамҭеи: акциатә ҿагылара амҩаԥысшьа

Быжь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ АКХ ахаҭарнак Гиви Габниа.

Азакәан инақәыршәаны, алхра ҿыцқәа мҩаԥганы ахада ҿыц далырхаанӡа азакәан инақәыршәаны Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалар шакәу.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0