Агәабзиарахьчара аминистрра: ауаа рацәа ахьеизо анеира аҽацәхьаклатәуп

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы жәабрани хәажәкыреи амзақәа раан есышықәса ицәырҵуа асезонтә ОРВИ зыхьуа ауаа рхыԥхьаӡара иацлеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа атәыла ауааԥсыра ирабжьигеит асезонтә ОРВИ ацәырҵра инадҳәаланы ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рыҽрыцәхьаркларц. Абри атәы иҳәеит иара Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

"Ауаа реинырра еиҳа иԥкхарц азы абарҭ аамҭқәа рзы акультура-массатә, аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара еиҳа ирмаҷтәуп", - иҳәеит иара.

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, уажәшьҭа алаҵаҟаҵара лҵшәа аиуам.

"Ажьырныҳәа 30 азтәи адыррақәа рыла Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа рахь инеихьеит ОРВИ змоу 180-ҩык, урҭ рҟынтәи 13-ҩык ахәышәтәырҭаҿы ишьҭаҵоуп", - иҳәеит иара.

Акоронавирус акәзар, Аԥсны макьаназ ашьҭамҭа ыҟам.

Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьара ҟанаҵахьан Аԥсны атәылауаа Китаи аҭаара рҽацәхьаркларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0