Аԥсны аветеранцәа ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларазы адҵа ҟарҵоит

Аԥсны аветеранцәа ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларазы адҵа ҟарҵоит
Аԥсны аветеранцәа ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ рыдыркыларазы адҵа ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы амлашьра иаҿу ирыдгылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа гәыԥҩык Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аиԥылара мҩаԥыргеит хәажәкыра 9 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа гәыԥҩык аҳәамҭа ҟарҵеит азеиԥшмилаҭтә еизара амҩаԥгаразы ааԥхьара шыҟарҵо Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларымгалар.

"Ҳара, аибашьра аветеранцәа амлашьра зхызго ҳтәылауаа рҭагылазаашьа агәҭынчымра ҳазцәырнагоит. Аамш ирықәуп арҭ ауаа ЕАР (ООН - аред.) Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ ишахәҭоу адкыларазы имлашьуеижьҭеи. Апарламент адепутатцәа рыбла хҩаны иҟоу рымбошәа рхы мҩаԥыргоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа азеиԥшмилаҭтә еизара амҩаԥгаразы ааԥхьара ҟаҳҵоит Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларымгалар", - ҳәа аҳәоит иҟаҵоу ааԥхьараҿы.

Абаталион "Горец" акомандир, Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба иҳәеит аамҭа агара шыҟамло, имлашьуа ргәабзиара еиҭашәар шалшо. Иара адепутатцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит абри азҵаара рыӡбарц азы.

Аиԥылараҿы аҭыԥ рыман аемоциа зҵаз ааԥхьарақәагьы. Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа адепутатцәа еизгазарц рылалҳәеит, аинрал, Леон иорден занашьоу Закан Нанба ааԥхьара ҟаиҵеит апарламентарицәа рыгәрагара шырцәыӡыз азы анашьҭымҭа рҩырц, ари азҵаараҟны иахәҭоу ахаҵгылара ахьыҟарымҵаз азы.

Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Имлашьуа анапынҵақәа реизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы

Аиԥылара иалахәыз адепутат Асҭамыр Логәуа иҩызцәа рыхьӡала аҭамзаара шьҭеиҵеит амлашьра иахьынӡаҿу амшқәа ирылагӡаны уи иалахәу рызҵаара ахьыӡбамхаз азы. Ажәа риҭеит дара ргәаанагара апарламентарицәа рҟынӡа ишнеиго. Иара иажәақәа рыла, адекларациа ҟазҵо ачынуаа рыуацәа рганахьала ирымоу ажәалагала дшақәшаҳаҭу. Азакәан шрыдыркылахьоугьы, уи аиҭакрақәа алоугалар алшоит иҳәеит Логәуа.

Иара иҳәеит Апарламент изаамҭанытәиу аилатәараҿы адепутатцәа 2020 шықәса жәабранмзазы ирыдыркылаз "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа рыдигаларц игәы ишҭаз.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект азырхианы Апарламент ахь ирыдызгалаз аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнак Асҭамыр Какалиа иҳәеит иахьа атәылаҿы афеодалтә аамҭа ҳҭагылоушәа ишыҟоу, уи ҳтәыла аҿиара иаԥырхагоуп адагьы, ааха ду анаҭоит иҳәеит иара.

Хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Иахьазы имлашьуеит: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Амлашьратә акциа алахәылацәа дҵас иҟарҵоит акоррупциа иаҿагылоу ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ дара Апарламент ахь ишрыдыргалаз еиԥш ирыдыркыларц, аиҭакрақәа аламгалакәа. Иара убас дара ирҭахуп ари азакәан Аԥсны ахада иалхрақәа рҟынӡа ирыдыркыларц, акандидатцәагьы рхашәалахәқәеи, рныхымҭақәеи, рмазареи адекларациа рзырурц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп. Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы. Иара убас Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспорагьы ари аус рҽаладырхәуеит рҳәеит. Анапаҵаҩра хыркәшахар, урҭ зегьы Апарламент ахь инарышьҭуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0