Афырхацәа рхамшҭразы: Аҟәа имҩаԥысит "Агәымшәара аурок"

© SputnikРоссотрудничество провело "Урок мужества" для школьников Абхазии
Россотрудничество провело Урок мужества для школьников Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра аламҭалазы Россотрудничествои Sputnik Аԥсни имҩаԥыргоит "Агәымшәара аурокқәа". Абри акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи ашкол № 2 аҵаҩцәа аветеранцәа асаламшәҟәқәа рзырҩит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Россотрудничество "Агәымшәара аурокқәа" рымҩаԥгара иацнаҵоит Аԥсны ашколхәыҷқәа рзы.

Уажәазы "Агәымшәара аурок" иалахәын Аҟәатәи ашкол № 2 аҵаҩцәа. Урҭ изыӡырҩит алектор Евгени Павлов. Иара ирзеиҭеиҳәеит авиациа амаршал, аԥырҩы Александр Покрышкин иҭоурых.

Россотрудничество ахаҭарнак Михаил Масаев иажәақәа рыла, акциа Аԥсны зегьы имҩаԥысуеит. Аиааира амшныҳәа аламҭалаз имҩаԥгахо аурокқәа рхықәкы – аҿар аветеранцәа раҳаҭыр абара, иҭахаз афырхацәа рхамшҭра рылааӡароуп.

"Аиааира амшныҳәа аламҭалаз имҩаԥгахо аурокқәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Лаҵара 9 рышьҭахьгьы имҩаԥгалахоит арҭ аурокқәа. Ахәыҷқәа агәахәара ду рыманы иӡырыҩуеит", - иҳәеит Масаев.

Еиҳа еиҵбацәоу рзы арҭ аурокқәа аибашьра иазку, ирызҿыцу ажәабжьқәа раҳароуп.

"Агәымшәара аурокқәа" раԥхьаӡа акәны схы рыласырхәит. Акциа ҳақәра зықәроу рзы аинтерес ду аҵоуп. Иаҳзымдыруа акыр ҳаҳауеит", - лҳәоит Аҟәатәи ашкол №2 ажәабатәи акласс аҵаҩы Мариа Морозова.

Никита Арзуманиан "Агәымшәара аурокқәа" афырхацәа ухазмыршҭуа акциоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рзы ашколхәыҷқәа рысаламшәҟәқәа
Афырхацәа рхамшҭразы: Аҟәа имҩаԥысит Агәымшәара аурок - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рзы ашколхәыҷқәа рысаламшәҟәқәа

 

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра аламҭалазы Россотрудничествои Sputnik Аԥсни имҩаԥыргоит "Агәымшәара аурокқәа". Абри акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи ашкол № 2 аҵаҩцәа аветеранцәа ашәҟәқәа рзырҩит.

Акциа алахәылацәа ирымоуп алшара Аԥсны инхо 48-ҩык аветеранцәа рахьтә аӡә далхны асаламшәҟәы изыҩра. Иреиӷьу асаламшәҟәы Sputnik Аԥсны аредакциаҟны иалыркаауеит. Автор иоуеит алшара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аԥхьара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0