Алаф ахи ахәшәи ираҩсуеит

© REUTERS / Ints KalninsЛитовский пилот Юргис Кайрис на самолете Су-31 чертит лицо в небе во время авиашоу Wings Over Baltics 2019 в Тукумсе, Латвия
Литовский пилот Юргис Кайрис на самолете Су-31 чертит лицо в небе во время авиашоу Wings Over Baltics 2019 в Тукумсе, Латвия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы акы - аччара амш аҽны ажурналист Саида Жьиԥҳа дазааҭгылоит арҭ амшқәа рзы еиҳарак излацәажәо атема акоронавирус иахылҿиаауа алаф.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адунеи иқәынхо ауаа гәҩарас ирымоу ачымазара бааԥсы COVID-19 ауп. Зықьҩыла ажәлар рыԥсҭазаара згахьоу аҿкы ҳтәылахьгьы ашьаҿа еихнагеит. Аԥсны анапхгара ауаажәлар ршәарҭадара аԥҵаразы ирыларҳәаз акарантини, ишьақәдырӷәӷәаз аԥкрақәеи, аԥсуа ибзазареи ааибуам, аха иахьазы COVID-19 абас ада уаҳа аҿагылара злауҭаша ыҟам, агигиена нацҵаны. Ажәлар рыҩнуҵҟа агәҭынчымра шыҟоугьы, аԥсуа ишьа-ида иалоу алафҳәара аҭыԥ амамзар ҟалома. Мшаԥы акы, аччара ианамшу еиҳагьы еицлабраҵас зыбз рху алаф еибагәыдырҵоит, ҳарҭ иӡырҩуа хәшәҵас иҳадаҳкылоит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Мшаԥы акы аччара ишамшугьы, уи ижәларбжьаратәу мшны иԥхьаӡаӡам, аха уеизгьы адунеи атәылақәа жәпакы ныҳәак еиԥш ирыдыркылоит. Аӡәи-аӡәи алаф еихырҳәаауеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаа ргәы ҭҟьаны иҟоуп, аха агәшәареи агәкажьреи рҽарымҭарц азы рҩызцәеи ирзааигәоуи алафқәа рыла идырлахҿыхуеит. COVID-19 адунеи ашәарҭара ду ишҭанаргылазгьы, "уи аасҭа илахҿыху ачымазара аӡбахә ҳмаҳацт, иара иазкны шаҟа анекдоти, карикатуреи цәыргоузеи", - рҳәоит гәыԥҩыуаак. Актуалра змоу атема, хымԥада иахьатәи аччара амш азы алафҳәаҩцәа ираҩражьуазма?

Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп

"Лиуда, ашоурашәага быманы бааи, сыԥшәма лгәы рахәым", - ҳәа ашьыжь ҳгәыла сан ибжьы лықәиргеит. Уи заҳаз, "сааԥкны" сижәлеит, "амедицинатә цхыраара ласы" аҭел уас ҳәа. Сҿаԥшылара дацәшәазар акәхарын, ҽакалагьы ҟалашьа амам иахьатәи аҭагылазаашьазы, иаразнак дыхәмарны ишиҳәаз ираргамеит. Агәра ганы сыҟоуп, абас ари "алаф" сыдсымкылазтгьы, сан агәыла "леиқәырхаразы" дышцоз.

"Саида, бара COVID-19 бацәшәоит, уажәы ателевизор ала ирҳәеит, иаарласны аҵкыс еицәоу COVID-20 цәырҵуеит ҳәа, нас иҟабҵозеи", - сгәыла дысзымхозшәа саҳәшьа ҭелла исзаалыцҳауеит ажәабжь. Аиашазы, мшаԥы аказы ауаа қьачақьуеит, аха сара сыԥсихологиа иаднакылом COVID-19 иадҳәалоу ацәажәарақәа. Амала иалсымкаар сылшом, апандемиа иазкны ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа феисбук аҿы иқәлыргылаз "алаҳәара" сшарччаз. Уи араҟа исзанҵом, аха лдаҟьаҿы ижәбарц шәылшоит.

Ари анҵамҭа акьыԥхь иазсырхионаҵы, "Саида, ахәашаҽны акәырбан ҟаҵатәуп рҳәеит, (иазусҭцәоу дырым) ҳхы ҳныҳәароуп COVID-19 ҳаҩнаҭахьы имааирц азы. Ачаҳаржә, аилаџь, ацхаӡҩа, ахырҵәыӡҩа аҭахуп", - ҳәа саб иаҳәшьа Роза ҭелла исзаалыцҳаит. Алаф шакәымз агәра анызга, "уеизгьы есыҽны анцәа ҳиҳәоит, аригьы ҳԥырхагам" ҳәа налаҭаскит.

"Саида, ТНТ ала адырраҭара сахәаԥшуан, Ванга илҳәаз бдыруоу" ҳәа сан ауада даныҩнала, "COVID-19 аӡбахә акәзар, исыбмырҳан, Роза былзас, уи лабжьгара уажәтәила еиҳа ихәарҭазар ҟалап", - ҳәа аиҿцәажәарахь ддәықәысцеит.

Мшаԥы акы иадҳәалоу алахҿыхратә хҭысқәа рацәаӡоуп гәыԥҩыуаак рзы. Хаҭала сара исгәалашәоит сааҭк амҩаду аҟны алыхәҭа кны сшангылаз, сашьа игоит ҳәа. (Уи ашьҭахь сгәааит умҳәозар). Исхамшҭуа хҭысны иаанхоит (лыхьӡ сҳәом) аочерк ззыскыз ԥҳәыс бзиак "Саида сасра даауеит" ҳәа акәты шылдыршьыз. Лареи сареи ҳанеицәажәоз, "снапы ҭацәны сааит, саҭабымҵан, нас сахьӡоит" ҳәаны данцоз лыҷкәын иаҳазаарын. Акәтыжь данеилаҳа, "аинтервиу бымызхуаз ажурналист дыбзаауеит, исхашҭны иҭысымҵааз ыҟоуп ҳәа бзаалыцҳаит" аниҳәа, зегь иреиӷьыз акәты дамеигӡеит.

"Саида, акәтыжь счаԥеит, ахьурӡы аилашра иалагеит бабанӡааихьоу" ҳәа аҭел данас, исҳәо сҿамшәеит. Нас еилкаахеит лԥа дшижьаз.

Хымԥада, сара исызкыз ачеиџьыкахь ааԥхьара соуит, аха Гагра сыҟамызт. "Ус анакәха, ҽазны арбаӷь бзысшьуеит" ҳәа аалыцҳаит аԥшәма, уи уажәшьҭа ҩышықәса ирықәлеит акәымзар…

Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны
Уаҟара уцызҵо аԥсуа лаф

Алаф аҵак дуӡӡа амоуп. Уи аҳәашьа еиԥшӡам, насгьы зегьы ирнаалаӡом. Иҟоуп алаф ала ауаҩы дышурлахҿыхуа еиԥш данургәаауагьы.

80 шықәса зхыҵуа саб игәалашәалоит, дара рхаан ақыҭаҿы алафҳәаҩцәа алхны ишрымаз. Уи иаанагаӡомызт ажәлар сырччоит ҳәа рҿы иааҭашәо рҳәон ҳәа. "Алаф убасҟан ауп ианлафу, изаҳауа, аамҭа анҵлак "унан, абри акәызма иаанагоз" ҳәа ихаҿы ианааиуа", - азгәеиҭоит иара.

Аамҭа ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа алаф аҿгьы иактуалтәу атемақәа цәырҵуеит. Асовет Еидгыла аполитикатә система алаф ахызҳәаауаз ахара рыдырҵон аҟнытә, Сталин адунеи аниԥсах ауп "аҵәы данахарҵа". Анаҩс алаф аҳәаақәа рыҽдырҭбааит.

Иахьазы, аиаша ҳҳәозар, зны-зынла иахаҳарҟьацәоит. "Аҿ бзиа ажәа бзиа ҭыҵуеит" аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Аччареи ахәмарреи ҳагымзааит!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0