АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба араионтәи ақалақьтәи ахадақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аиҳабыра рхада иҳәеит ирымоу алшарақәа зегьы еизактәуп иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы ҳәа.
"Иара иазгәеиҭеит аҭыԥқәа рҟны амедицинатә персонал аусура арӷәӷәара шаҭаху, амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ацхыраара аҭаххар, арезервтә ҟазауаа хианы иҟазар шакәу", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Бганба иара убасгьы араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа рнапы ианиҵеит аҭагылазаашьа ҷыда арежим ишықәныҟәо хылаԥшра арҭаларц, ауааԥсыра аинформациатә усура рзымҩаԥыргаларц.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз раԥхьатәи ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара Москвантәи дааит аамҭақәак раԥхьа. Ахаҵа уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.
Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны акоронавирус зыхьыз аӡәы дшьақәыргылоуп
-
Акоронавирус зыдбалоу раԥхьатәи ауаҩԥсы еиҳа инарҭбааны иӡбахә еилкаауп