Агәыҭҟьара аҭыԥ амам: акоронавирус злоу иаарԥшра ашьҭахь Гагра аҵх шымҩаԥысыз

© Sputnik Томас ТхайцукАдминистрация Гагры.
Администрация Гагры. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьа акоронавирус здырбалаз Москвантәи иааз ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акоронавирус змаз ауаҩы данеилкааха ашьҭахьтәи аҵх ҭынчны имҩаԥысит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

Акоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа

Иара иажәақәа рыла, араион ауааԥсыра гәыҭҟьарада ирыдыркылеит ари ажәабжь. Ауаа имҩаԥысуа ауснагӡатәқәагьы шаҭаху дырны аҽыԥхьакратә режим ақәныҟәара иақәшаҳаҭуп. Иагьа ус иҟазаргьы, ҳәарада, иҟоуп аҩны зыҽззыҩнамкуа.

"Урҭ ҳрыҿцәажәоит. Гагра араион аҿы адәқьанқәеи акрыфарҭақәеи шарку гәазҭо акомиссиа аусура иацнаҵоит", - иҳәеит иара.

Макьаназы иӡбамкәа иҟоуп акоменданттә сааҭ алагалатәу иалагалатәыму. Убри аан азинхьчаратә усбарҭақәа русура еиҳа ирӷәӷәоуп.

"Егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу-иану аабоит, иҳаҳауеит. Араион ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа ҷыда ыҟанаҵы рыҩнқәа ирдәылымҵларц. Шәаргьы шәҭаацәагьы ашәарҭара иҭашәмыргылалан ҳәа рабжьаагоит", - иҳәоит Владимир Џьениа.

Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьа акоронавирус здырбалаз Москвантәи иааз ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0