Гагра араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда еиҳа ирӷәӷәахоит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДвижение автотранспорта в Гагре
Движение автотранспорта в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакыраҿы раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз ауаҩы дҟалеит, абри аинформациа шьақәлырӷәӷәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

АҞӘА, мшаԥы 7 -Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда еиҳа ирӷәӷәахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.

"Араион аҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русура рӷәӷәахоит. Акоменданттә сааҭ алагалара макьаназы аӡбахә ҳәам", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҵакыраҿы раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз ауаҩы дҟалеит, иара Гагратәуп, Москвантәи дааит. Уажәы ачымазаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.

Ареспублика аепидемиологиатә маҵзура ачымазаҩ икәша-мыкәша иҟаз ауаа ҭнаҵаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0