Акоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа
Акоронавирус анаадырԥшыз ашьҭахь Гагра иаларгалаз аԥкрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилацәажәара мҩаԥысит мшаԥы 7 рзы араион ахадараҿы.

АҞӘА, мшаԥы 8 -Sputnik. Аилацәажәара амшхәаԥштә азҵаараҿ иқәгылан Гагра араион иахьаҵанакуа акоменданттә сааҭ алагалара, аха макьаназы ирыдкылам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит акоронавирус аҿагыларазы Акоординациатә штаб алахәыла Рауль Лолуа.

ВАЛЕРИЙ БГАНБА ВСТРЕТИЛСЯ С ГЛАВАМИ РАЙОННЫХ АДМИНИСТРАЦИЙ - Sputnik Аҧсны
Бганба акоронавирус аҿагыларазы амчқәа зегь реизыркәкәара аҭахуп иҳәеит

Иара иажәақәа рыла, аилацәажәара далахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Смыр. Иӡбан ақалақь уахьалалои уахьалҵуеи акардонқәа рыргылара, ақалақь аҩнуҵҟа аҷаԥшьара арӷәӷәара.

Рауль Лолуа иара убасгьы иҳәеит авирус змоу ахаҵа дахьынхоз аҩнаҿы 100-ҩык инарзынаԥшуа ауаа шынхо. Урҭ зегьы уажәы аҽыԥхьакратә режим ишықәныҟәо.

Лолуа иара убасгьы иазгәеиҭеит арҭ ауаа фатәыла-жәтәыла реиқәыршәара азҵаарагьы ишалацәажәаз.

"Ауаа аӡәгьы игәыгәҭаижьуам ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы", - иҳәеит иара.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз раԥхьатәи ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0