Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз урыстәылауаҩԥҳәыс лганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа агәҩара ззыҟаз ауаҩы даанкылан 2019 шықәса, нанҳәамзазы Гал араион аҿы.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура 2019 шықәса рзы Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инанашьҭит.

Абри ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа ииасыз ашықәс нанҳәамзазы Гал араион аҿы даанкылан Гәдоуҭа инхоз ауаҩԥсы Едгар Абыхәба. Иара иганахь ала ашьаус хацыркын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Ахарадҵатә лкаақәа инарықәыршәаны, 2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы ибылны игылоу аиҳабыра рыҩны аҟны Едгар Абыхәба амч ихы иархәаны 1999 шықәса рзы ииз аҭыԥҳа лцәа ԥиҽит ҳәа азгәаҭоуп. Иара убасгьы иӷьычит зцәа ԥиҽыз лтелефон, лхьымаҭәа, аԥара, зынӡа –70 100 мааҭ рыхә.

"Абыхәба ахарадҵатә ӡбамҭа рыларҳәаанӡа ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡам", - аҳәоит апрокуратура асаит аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0