Акрыфара мацароуп: асасааирҭа "Аиҭар" аҿы зҽыԥхьазкуа аԥара зхыршәаатәны иҟоу

© Foto / предоставлено Тимуром АдлейбаГостиница "Айтар"
Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Facebook аԥсуа сегмент аҿы ицәырҵуа иалагеит ажәабжьқәа Аԥсны аҵакырахь иҭало реиҳараҩык асасааирҭа "Аиҭар" ахь аҽыԥхьакраз анеира иақәшаҳаҭым, избанзар уа аҟазаара ахәԥса шәалатәуп ҳәа.

Иҟоу шыҟоу аилкааразы, аҳәаанырцәынтә иааз аҽыԥхьакразы арахь иааиуазар ирымазар акәу, насгьы аԥара зыхшәаатәу уҳәа - Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Акарантинтә уснагӡатәқәа инарықәыршәаны Аԥсны аҳәаа аркуп. Аха аҳәаанырцә иҟоу ҳтәылауаа рыҩныҟақәа рахь игьыжьуеит. Урҭ зегьы 14-мшы акарантин иқәныҟәалар ауп.

Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
"Аиҭар" адиректор гәдоуҭатәи амедусзуҩцәа асасааирҭаҿы рыҟазаара далацәажәеит

Абри азы ҷыдала асасааирҭа "Аиҭар" аҿы 217 уада азылхуп.

Уаанӡа Аоперативтә штаб аҿы ишырҳәаз ала, асасааирҭаҿы аԥхьара хәыда-ԥсадоуп. Аха асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәақәак уи ус акәым ҳәа ахырҳәаауеит.

Аԥсны Жәлар реизара адепутат, Аоперативтә штаб ахаҭарнак Алхас Џьынџьал ишиҳәо ала, "Аиҭар" аҟны анхара хәыда-ԥсадоуп аҽыԥхьакраз инеиуа рзы. Атәылауаа аԥара ззыршәо мышкы хынтә рыкрыфараз ауп. Уи 460 мааҭ артәоит. Иара убри аан рыуацәа рхәы наргозар, акгьы шәатәхаӡом.

"Аҳәаа аркуп. Аԥсныҟа иааз ауаа ара инхо рзы ашәарҭара рыҵоуп. Дара ахьыҟаз иҟазар акәын, аха ианаах рырманшәаларазы аҭыԥқәа рызҳархиеит. Атәылаҿ имыцхәу ԥара ыҟаӡам. Ҳара ҳазҳәаз рыкрыфара ахәԥса ршәаларц ауп. Аиаша уҳәозар иара уигьы иарбоу ахәԥса еиҳазар акәын. Абраҟагьы ирзеиӷьу ала ҳныҟәеит. Ҳаилкаара ацынхәрас акритика ҳзыруеит. Ус анакәха ицәырҵуеит азҵаара – аҩны рхы ԥхьакны итәоума?" - иҳәоит Алхас Џьынџьал.

"Аиҭара" адиректор Ҭемыр Адлеиба иҳәеит асасааирҭаҿ зҽыԥхьакны иҟоу рзы анхара шхәыда-ԥсадоу аиԥш егьырҭ амаҵзурақәагьы хәыда-ԥсадоуп ҳәа.

"Аԥара зхыршәаауа рыкрыфара мацароуп - 460-мааҭ. Ирыдыргалоит хкы рацәала афатә: ақашьқәа, асалаҭқәа, ачаџьхкқәа, аԥсыӡи акәаци", - ҳәа иҳәоит иара.

"Аиҭар" аҟазааразы атәылауаҩшәҟәи Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтәи ашәҟәи умазароуп.

Ари аҩыза адокумент ззырҭаху ауаҩы ииашаҵәҟьаны аҳәаа дахысу дахымсу аилкааразоуп.

Иахьазы "Аиҭар" инхо аӡәы заҵәык иоуп. Адлеиба иажәақәа рыла, аҽа тәылауаҩык инеирагьы иазыԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0