Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых

© аҭаацәаратә архивАџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа иԥацәа рыгәҭаны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа иԥацәа рыгәҭаны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалахәыз, жәаа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Николаи Жьыгәа-иԥа инысымҩа дазааҭгылоит иара имаҭа, Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Игәашәҭахьазар, идуӡӡоу акы акыр уацәыхараны уангылоу ауп ибзиаӡаны, еилыкка ианубарҭахо. Убас аамҭа цацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа аҽышьақәнарӷәӷәоит 1941 шықәса рашәарамза 22 инаркны 1945 шықәса лаҵарамза 9-нӡа имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку агәалашәарақәа. Хашҭра зқәым, ҳажәлар назлакны ашьаарҵәыра илазыргылаз, аԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахыз ҭоурыхтә хҭысны иаанхоит уи.

Всадница - Sputnik Аҧсны
Даду иҳәамҭа: "Аҭаца ӷәӷәа ллакә" азы ажәақәак

Аибашьра иазку агәҭахәыцрақәа санрыгәҭыларк, ҭаха сырҭомызт адыга литература аклассик Заур Налоев иажәеинраалақәа руак аҟнытә ацәаҳәақәа:

"Аԥсҭазаара аҷапырхәа хәыҷ иаҩызоуп,

Ушәхымс аҿы илатәоуп аԥсра.

Аԥсҭазаара аҵла зныктәи ашәҭроуп –

Ахаан иҟалом угәазхара".

Аиашаз, уаԥхьаҟа иузыԥшу уаҩытәыҩса идырраны дыҟаӡам. Амала, аҭынч ԥсҭазаараҿы аӡәгьы аԥсра дазхәыцырц иҭахӡам, иуулакгьы аԥсҭазаарахь уеихоит. Аха уԥсадгьыл ампыҵахалаҩцәа иртәыртәырц рҽаназыршәа, рҿагылара ада ԥсыхәа ыҟаӡам.

Атәым сымпыҵасхалоит ҳәа иалагаз ақәылаҩ еснагь игәы бжьажьоит, уи ишьҭахьҟа дхьаҵыргьы, дахьцаша имоуп, зыԥсадгьыл зыхьчо – мап. Убри акәзаргь ҟалап зегь реиҳагьы изыбзоурахаз Асовет ҳәынҭқарра аиааирагьы.

Акыр мши ҵхи имҩаԥысуаз ари аибашьра иҿахнаҵәеит иагьа ԥсҭазаара, аибашьраҿы иҭахаз реиҳараҩык, аԥсуаа ҳҟны ишырҳәо еиԥш "иржәыша аӡыхь ахгьы ыҵнамхыцызт", убасҟак иқәыԥшқәан. Аха аԥсра абла изныкымкәа ишҭаԥшызгьы, аџьамыӷәа цәгьа зыхганы зыҩныҟа ихынҳәызгьы рацәаҩӡоуп. Убарҭ дыруаӡәкуп сара хаҭала сызхаану сабду Ҭаниа Николаи Жьыгәа-иԥа.

© аҭаацәаратә архивАџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа
Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа

Лаҵарамза 18, 1925 шықәсазы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан инхоз анхаҩы Жьыгәа Хазгьери-иԥа Ҭаниа иҩнаҭаҿы аҵеи иира зырҵабыргуаз ахысыбжь геит. Ииз аҵеи Николаи ихьӡыртәит, аха нас хәыҷы хьӡыс Колиа ҳәа иарҳәо иалагеит.

Ҭаниа Жьыгәеи уи иԥшәма Хәаџьааԥҳа Ҭакәеи ирааӡеит ԥшьҩык ахшара: ҩыџьа аҷкәынцәа – Кәырӷа, Колиа, аӡӷабцәа – Шьықьа, Гьегьешьа. 1933 шықәса рзы иаалырҟьаны Жьыгәа иԥсҭазаара далҵуеит. Илылшо зегь ҟаҵаны, аибара рынмырԥшкәа ахәыҷқәа лааӡеит ран Ҭакәа. Лааԥсарагьы лԥылеит. Лџьабаа лыцеиҩишартә длыхьӡеит лԥеиҳаб Кәырӷа, иара аҳасабеилыргаҩ изанааҭи ақыҭанхамҩеи еилеигӡон. Аха дук мырҵыкәа Кәырӷа 22 шықәса дшырҭагылаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵуеит.

Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны
"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

Нас… Нас, иааит ашықәс еиқәаҵәақәа. Аибашьра ианалага абџьар ашьҭыхра, аԥсадгьыл ахьчара зылшараны иҟаз ԥақәашьаа рҵеицәа 150-ҩык инарзынаԥшуа руалԥшьа нарыгӡарц идәықәлоит. 1942 шықәсазы 18 шықәса шааихыҵыз еиԥш, арԥыс қәыԥш Колиа хатәгәаԥхарала афронт ахь ддәықәлоит.

Аԥхьа Азербаиџьан Бақәа ақалақь иҟаз аучилишьеқәа руак аҟны иаарццакны зениткала ахысра здырҵоз аибашьцәа ргәыԥ далан, нас Саратов ақалақь аҿы еиҿкааз Аҳауахьчаратә архәҭа ашҟа ддәықәҵан. 1943 шықәсазы диаган Белоруссиеи Польшеи рҳәаахь. Ашьҭахь Украина Житомир ақалақь аҟны зеидкылара иаҿыз артиллеристтә еибашьцәа рполк дахыԥхьаӡалан. Убри артиллеристтә еибашьцәа рполк хықәкыла иалахәын Будапешт, Прага, Вена рхақәиҭтәра. Урыстәыла еиҿкаау аинтернеттә портал "Память народа" иҭоу аинформациа излаҳәо ала, сабду Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иԥа дрылахәын ақалақьқәа: Софиа, Сараево, Бухарест, Белград, Загреб, Будапешт, Прага, Варшава, Вена рхақәиҭтәра.

Аибашьраҿы аиааира агара мышкы шагыз лаҵарамза 8 рыҽны ӷәӷәала дырхәуеит. Аибашьра ашьҭахь 1947 шықәсанӡа аррамаҵура ихигон, анаҩс уи ашықәсаны деибганы иҭаацәа дырзыхынҳәуеит. Аха "бзиара нагӡа ҟалом" ҳәа, мышқәак аабжьымскәа згәабзиара агәырҩеи аџьабааи иафахьаз иан Ҭакәа лыԥсҭазаара далҵуеит.

Аԥсҭазаара акыр икыднаҟьаз Колиа иаҳәшьцәеи иареи рызаҵәра рхы арнааланы, рнапқәа еилҳәаны раб иџьынџь аҟны ихандеиуан, рыбаҩ иацәаашьомызт. Ақыҭанхамҩа аус инамаданы сабду такәаамҭа иқыҭантәи аколнхара бригадирс дыҟан, анаыс аревизионтә комиссиа деиҳабын. 1958 шықәсазы дҭаацәарахоит, диԥшәмахоит иқыҭа гәакьа иатәыз Ламара Тыҩԥҳа. Ҭаниа Колеи Тыҩԥҳа Ламареи нап рыдкылан ԥшьҩык рыхшара рааӡоит: аҷкәынцәа – Фред, Гари, Сурам, рыԥҳазаҵә – Ирина.

© аҭаацәаратә архивАџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа иҧшәма Тыҩҧҳа Ламареи иҧеиҵабы Сурами
Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа иҧшәма Тыҩҧҳа Ламареи иҧеиҵабы Сурами

Ԥақәашь ақыҭа ииз, иааӡаз, асовет еибашьҩы Ҭаниа Николаи (Колиа) Жьыгәа-иԥа иааирԥшыз агәымшәаразы ианаршьахьан акыр ҳамҭа, иара убас аорденқәеи амедалқәеи: аорден "Аеҵәа ҟаԥшь" II аҩаӡара, "Агәымшәаразы" амедал, "Аџьынџьтәылатә еибашьра 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аиааира агара 20 шықәса ахыҵразы", "Аҩбатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 40 шықәса ахыҵразы", "Асовет Арбџьармчқәа 60 шықәса рхыҵразы", "Асовет Арбџьармчқәа 70 шықәса рхыҵразы", уҳәа убас егьырҭгьы. Асовет еидгылазы иибахьаз иџьабаазы 1986 шықәсазы ианашьан "Аџьа аветеран" ҳәа амедали аҳаҭыртә хьӡи.

© аҭаацәаратә архивАџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа ианашьаз аҳамҭақәа
Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа ианашьаз аҳамҭақәа
Сабду ихигахьаз изымхакәа, илахьынҵа ианызаарын ҩ-еибашьрак дырхаанхарц. Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла раԥхьаӡатәи амшқәа инадыркны иара "Ԥақәашь ақыҭантәи абыргцәа рхеилак" далахәылан. Уимоу, иԥацәа рыхҩык Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын. Иԥеиҳаб Фред Ҭаниа "Дед" Ԥачлиа игәыԥ еиҿикааз агәыԥ далахәын. Изныкымкәа аибашьраҿы ахәрақәа иоуит. Игәымшәаразы ианашьоуп "Леон" иорден.

Зыԥсадгьыл азы ашьа казҭәахьаз, ҩ-еибашьрак ирхаанхаз Ҭаниа Николаи Жьыгәа-иԥа идунеи иԥсахит нанҳәамза 26, 2002 шықәсазы. Зыуацәеи зҭынхацәеи гәыблыла ирҵәыуаз аибашьра аветеран иҭынхеит ԥшьҩык ахшареи хәҩык амаҭацәеи. Хаҭала амаҭацәа ҳҟнытә исҳәарц сылшоит иара ҳгәалашәараҿы дшаанхаз ахәыҷы изы згәы аартыз, аду иҟны ихшыҩырҵагаз, хәыҷи-дуи бзиа еицаҳбоз, иаҳзааигәаз уаҩы лашаны.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира иазку аҭыжьымҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0