Аӡбамҭа арԥсыҽра: амилициа аусзуҩцәа ашәарҭа иҭазыргылаз руаӡәк доушьҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский суд
Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрокуратура хада ақәшаҳаҭым Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбра, иагәҭакуп хымш рыҩныҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь аӡбамҭа нанашьҭырц.

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа хәажәкыра 16 рзы амилициаа хысрала рцәыбналараан иаанкылаз Гарри Аҩӡба ибаандаҩра аамҭа аҽа ҩымз ацҵазарц азы Апрокуратура хада азыҳәа мап ацәнакит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Аӡбарҭа аӡбрала Аҩӡба аҽа ҩымз аҩнтәы рбаандаҩра даҵаркуп, иара аӡбарҭатә зал аҟынтәи доушьҭын.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Амилициа иатәу амашьына иеихсит уи азинеилагаҩцәа ианрышьҭаз: ԥшьҩык аанкылоуп

"Уаанӡатәи иқәҵа аҿҳәара анахараз азыҳәа ҵаҵӷәыс иаман Аҩӡба уаанӡагьы изныкымкәа иус ахьырыӡбхьази ацәгьаураан аԥышәаратә аамҭа дахьаҵанакуази, ахара ихахьы иахьимгози. Аха, арҭ аҵаҵӷәқәа хьаас имкыкәа аӡбарҭа иара ԥхьаҟагьы ирбаандаҩразы аӡбарҭа-хылаԥшратә материалқәа иахьынӡахәҭаз ашьаҭа рымам ҳәа иаԥхьаӡеит", - аҳәоит Апрокуратура хада адырраҭараҿы.

Апрокуратура хада ақәшаҳаҭым Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбра, иагәҭакуп хымш рыҩныҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь аӡбамҭа нанашьҭырц.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Женщина-судья с молотком - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит

Аамҭақәак рышьҭахь Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.

Ацәгьоуцәа аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит.

Лаҵара 17, 2020 шықәса рзы Аҟәа араион апрокуратура Гарри Аҩӡба иганахь ала аусҭҵаара хацнаркит "амчрақәа рхаҭарнак иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ақәымчра" ахәҭаҷ ала.

Аҩӡба данааныркылоз иаанкылан иара убасгьы Мизан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Аслан Зыхәба.

Хәажәкыра 30, 2020 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы ахашшааратә коллегиа Мизан Зыхәба иус иахәаԥшны адукат ихашшааратә шшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭхеит: Мизан Зыхәба аӡбарҭа азал аҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0