Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКолл-центр
Колл-центр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика СЕС адыррақәа рыла, 2020 шықәса мшаԥымзаахыс акоронавирустә инфекциа Аԥсны 21-ҩык ироухьеит.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит аҽыԥхьакра арежим еилазго рзы Агәабзиарахьчара аминистрра аҭел ҷыдахь адырра ҟарҵаларц.

Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭел аномер - Sputnik Аҧсны
Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭелтә еимадара

Лара лажәақәа рыла, ари аҭахуп аҳәаа иахысуа зегь ргәаҭара шымҩаԥысуагьы ртәылауаҩшәҟәы иану аҭыӡҭыԥ аҿы инымхозар ахьауазы.

"Ҳара атәылауаҩшәҟәы адыррақәа ҳарҭоит, аха ауаҩы уа днымхозар ауеит. Зыхдырра ҳараку ауаа иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ҳарҭар, ҳус еиҳа идырманшәалоит", - лҳәоит Скорик.

Иаку аинырратә центр аҭел: 0303, ақалақьтә номерқәа рыла иасуа рзы: +7 940 789 03 03.

Лара илҳәеит аҟәатәи аҭаацәара зныруаз зегьы шьақәыргылахаанӡа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уашәшәыроуп ҳәа.

Скорик далацәажәеит иахәҭоу ашәарҭадаратә хымҩаԥгашьа шхымԥадатәиу, асабрадақәа, анапҭарԥақәа рныҟәгара, анапқәа рырзҩыдара.

"Уажәы асабрадақәа рныҟәгара хымԥада иаҭахуп. Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусура иаҿуп аҭаацәа зныруаз рышьақәыргыларазы. Иахьатәи аамҭазы ареспублика аҩнуҵҟа 21-ҩык ачымазцәа ҟалахьеит", - азгәалҭеит Скорик.

Акарантин ааларгалазар аҽыԥхьакра арежим иахысхьеит 800-ҩык.

Скорик илҳәеит СЕС аҟазауааи Аԥсны ААР аусуҩцәеи рҽеимаданы Аԥсныҟа иҭало ауаа аҳәааҿы ирырҭо аинформациа аиашара шгәарҭо.

Скорик иара убасгьы илҳәеит пациентцыԥхьаӡа рыхәышәтәра ахатә ҟазшьақәа шамоу. Џьоукы рзы ари ачымазара аҽарыцәгьаӡом, иаҳҳәап аҩныҟа ихынҳәыз акурсантцәа рзеиԥш. авирус акыр ишәарҭоуп зықәра нықәсхьоу ауаа ачымазарақәа зцәа иалоу ауааи рзы. Зегь неибеиԥшны ирхәышәтәуеит ҳәа аҳәара зынӡа ииашам ҳәа лҳәоит аҳақьым.

Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар

Лаҵара 17 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла COVID-19 зыхьыз рыхәҭак Урыстәылантәи иааз аԥсуа студентцәа роуп, даҽаӡәы - Даӷьсҭанынтәи иааз Абыжьбатәи аурыс база аррамаҵзурауаҩ иоуп, уи ашьҭахь акоронавирус рыхьит ҳәа ирылаҳәаз ҩыџьа Москвантәи иааз Бамбора инхо атәылауаа роуп, аҵыхәтәаны акоронавирус злаҽыз хҩык Аҟәа иқәынхо Шәачантәи иааз ҭаацәарак роуп.

Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, 1925 шықәсазы ииз ахԥатәи ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

Агәабзиарахьчара аминистрра лаҵара 16 азтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи акурсантцәа руаӡәк дҭырҩааит.

Лаҵара 17 рзы акоронавирус азы атестқәа ирхысит 73-ҩык. Игәарҭаз ауаа ахьырацәоу инамаданы адыррақәа ҟалоит ашәахьаҽны иалагӡаны.

Мшаԥымза инаркны лаҵара 18 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥгоуп 730 тест акоронавирус агәаҭаразы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0