АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ишьҭоуп Аҟәа рашәара 1 азы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟынтәи ибналаз Гурген Киракосиан, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Киракосиан иганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп изакәанымкәа амцабџьари аџьаԥҳани рыҵәахразы, иара уаанӡагьы ишьҭан, даанкылан лаҵара 15 рзы.
Убри ашьҭахь иара дырхәышәтәуан Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аԥҟара аҟәшаҿы, уантәи иара абналара илшеит: инапышьаҳагақәа аартны, ацәарҭамаҭәақәа еиқәҳәалан дырхьынҳаланы ахԥатәи аихагылаҟны дахьышьҭаз апалата аԥенџьыр ала дылбааит.
Киракосиан иганахьала Аҟәа ақалақьтә прокуратура ашьаус хацнаркит дахьҭакыз аҭыԥ аҟынтәи дахьыбналаз афакт ала.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала, Киракосиан ихьчара знапы ианыз аусзуҩцәа рганахьала амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭара аматериалқәа Апрокуратура хадахьы инашьҭуп ашьаусԥшааратә ӡбамҭа адкыларазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҩнтәы рбаандаҩра арежим еилеигеит: Аҟәа ихысны ибналоз рахьтә аӡәы деиҭаанкылоуп
-
Аԥсны раԥхьатәи ахада Ешыра иҩны иақәкны ихысуаз ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп
-
Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп