Аԥсны атәылауаҩ аметодон шимаз аҳәааҿ дааныркылеит

© Фото : СОЧИНСКАЯ ТАМОЖНЯМетадон, изъятый на абхазо-российско границе.
Метадон, изъятый на абхазо-российско границе. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аусҭҵааратә ҟәша ашьаус хацнаркит "Анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабандаз" ахәҭаҷ ала.

АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа еидарамҩангагала аҳәаа иахысуаз Аԥсны атәылауаҩ идырбалеит асинтетикатә наркотик "метадон". Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳаит абри атәы.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ахысраан аидарамҩангага машьына аԥсҟы зкыз идокументқәа рцәыргара мап ацәикит. Иҟаҵаз аԥшаараан амашьынаҿ аилаҳәара рбеит.

Уаанӡа иҟан адырра аушьҭырҭа "Адлер-автодорожный" аҟны Урыстәыла атәылауаҩ анаркотикатә нырра ҟазҵо атаблеткақәа идбаланы даанкылоуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0