"Аԥсуаа рышәк" алахәҩы: Миха Барцыц иҭоурых

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәМиха Барцыц
Миха Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы изы имаӡаӡам аамҭа цацыԥхьаӡа агәалашәара агага ишаҩызахо. Уи аԥсы ахьынӡалоу иуҳәаз, иануҵаз ауп абиԥарақәа ирзынхо. Ишәыдаагалоит "Аԥсуаа рышәк" иалаз, хьӡи-ԥшеи ганы еибашьуаз Миха Иаџьгьа-иԥа Барцыц изку ажәабжь, уи иҭоурых дазааҭгылоит имоҭа Жанна Барцыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Миха Иаџьгьа-иԥа Барцыц имоҭацәа дырхаанымхеит, аха дара ибзиаӡаны иргәалашәоит рани раби шаҟа дҳараркуаз, ихьӡ шыршьоз. Аибашьҩы гәымшәа ихигаз алацәажәара бзиа ибаӡомызт азы иахьанӡа еиқәхаз афактқәа рацәамзаргьы, "аԥсуаа рышәк" дахьалаз мацарагьы иуанаҳәо маҷым.

Миха Барцыц иҭаацәеи иареи
Аԥсуаа рышәк алахәҩы: Миха Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Миха Барцыц иҭаацәеи иареи

Миха Иаџьгьа-иԥа Барцыц диит 1886 шықәсазы, Гәдоуҭа араион, Блабырхәа ақыҭан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра аналага, иара хатәгәаԥхарала Урыстәылатәи аимпериа аҳәынҭқар "Кавказ ауарбақәа" ҳәа дзышьҭаз Кавказтәи аҽыуаа рдивизиа иахәҭакыз "аԥсуаа рышәк" далалоит. 1915 шықәсазы афронт ахь дцоит. Ианашьоуп Гьаргь иџьар аԥшьбатәи аҩаӡара. 1917 шықәсазы Миха Барцыц аибашьрантәи даныхынҳә, ареволиуциатә еиҿкаара "Кьараз" аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкхоит. 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара дазықәԥоит.

Аԥсуаа рышәҩы - Sputnik Аҧсны
Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала

Миха Иаџьгьа-иԥа иқыҭаҟны ҳаҭыр ду иқәын. Далырххьан депутатс, ақыҭсовет ахантәаҩыс.

Аибашьра аветеран иқәра неины ауп аҭаацәара дшалалаз, иара диразҟхеит Мариа Аабыџь-иԥҳа Хәытԥҳа. Дара дрыхшеит аԥазаҵә Ражден.

"Сан илҳәоны исаҳахьан, ҳабду аҟазшьа наала шимаз. Уи анаҩс дласын, дцеит шуҳәо иусқәа ӡбаны даауан. Лара аҭаацәара даналала шықәсык ашьҭахь лабхәа идунеи иԥсахит. Аха зегь акоуп лганахь иааирԥшуаз аҳаҭыри, аҟәымшәышәреи еснагь лгәы арԥхон", - ҳәа еиҭалҳәоит Жанна Барцыцԥҳа.

Шьала-дала ахаҵара злаз ауаҩ нага ишьҭра данылеит ихшазгьы.

Ражден Миха-иԥа Барцыц азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара дазгылеит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан. Афронт аҿы ахәра шиоузгьы, ишьапы дшаақәгылаз еиҭа бџьарла аӷа хәымга диҿагылоит, Асовет еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракгьы даԥсахоит.

"Саб ахәра иоуны, агоспиталь аҿы дышьҭоуп ҳәа сабду адырра аниоу, иқәра шмаҷымзгьы, аурысшәа шизымдыруазгьы дашьҭалеит уи ахәышәтәырҭа аԥшаара. Қьаадк ицымкәа, аха аибашьра инаҭахьаз аԥышәеи, аԥсабаратә ҟәышреи илдыршеит иԥа ишьҭа ахылара. Нхыҵ Уаԥстәыла, Қарҭ деимдо, аҵыхәтәаны Новороссииск иқәҿиоит. Араҟа дзыхӡыӡаауаз иԥа дибоит", - лажәабжь иацылҵоит амоҭа.

Аб иԥазаҵә иԥсы ҭаны ила дахьабаз анцәа диашьаԥкуан. Уажәы-уажәы дгәыдиҳәҳәалон, илахь дагәӡуан.

Миха аҩныҟа ицара аамҭа анааи, Ражден дахьеибашьуаз аҟынтә уаԥсҵәык адгьыл ачабра илаҳәаны Аԥсныҟа игеит. Иҷкәын деибганы иԥсадгьыл гәакьахь дхынҳәырц азы есыҽны инапы ахьшьуа дныҳәозаарын.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәМиха Барцыц иҭаацәеи иареи
Аԥсуаа рышәк алахәҩы: Миха Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Миха Барцыц иҭаацәеи иареи

Ашықәсқәа рышьҭахь, абри ахҭыс атәы Ражден Барцыц Қырҭтәылатәи актиор Серго Закараӡе даниабадыр изеиҭеиҳәазаап.

Анаҩс аекран ахь иҭыҵит асовет фильм "Отец солдата". Барцыцаа рҭаацәара изларҳәо ала, уи иалоу афырхаҵа хада ипрототип Миха Иаџьгьа-иԥа иоуп.

Барцыцаа еиҳабы-еиҳабыла х-еибашьрак рхыргеит. Ишаҳҳәахьаз еиԥш Миха далахәын Кавказтәи аибашьра, Ражден – Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, Ражден иԥа Михаил – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.

Ари аҭаацәаратә ҭорых аҿы угәы ҭызшьаауа акәны иҟоуп аибашьцәа-гәымшәақәа рхәышҭаарамца ахьҿыцәааз. Абиԥара иацызҵашаз Ражден иԥазаҵә Михаил иҵәҩаншьап аирсаанӡа залымдарала иԥсҭазаара далҵит.

Иҟам ари адунеи аҿы аиашара…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0