Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Иԥеқ Аргəынԥҳа: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵозма аԥснааи ҳареи ҳаибабартə ҳҟалап ҳəа

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәИԥек Аргәынԥҳа
Иԥек Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо аԥсуа ԥҳəыс бырг, зандуцəеи забдуцəеи Аԥснынтə ихырҵəаз Иԥеқ Аргəынԥҳа илызкуп ажурналист Сырма Ашəԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ԥҳəыс бырг еснагь дҿырԥшыган аҭаацəараҿы. Лара ахəышҭаареиқəырхаҩ, ашьаҭамырӡга ҳəа дыԥхьаӡан, илыдыз аҭакԥхықəра акыр ирацəан, насгьы уи лхы аҵамырхаӡакəа иналыгӡар акəын. Аҭаацəа ԥшӡа анырҳəо, хымԥада, уи гəыцəс иамоу аԥсуа ԥҳəыс лоуп, ишырҳəо еиԥш, лара лоуп еиқəзырхо аԥшӡара, иааидкыланы адунеи зегьы.

Ҭырқəтəыла инхо аҳəса быргцəа акыр срыҿцəажəахьеит, хаҭа-хаҭала зегьы сгəаҵаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Урҭ рыхшыҩзцарақəа, рдунеихəаԥшышьа, ражəа ҟəыӷақəа алкааны ақьаад ианҵаны исымоуп. Шаҟа иԥсҭазааратəузеи, шаҟагьы иҵаулоузеи рыхшыҩ! Аԥсуаа ражəаԥҟа иаҳəоит "Абырг дызмоу Анцəагьы димоуп" ҳəа.

Мефтун Ванача - Sputnik Аҧсны
Мефҭун Уанаҿа: сыԥҳа хəыҷы Мрамза Мқанԥҳа лыхьӡала Аԥсны иазҳауеит араҵла

Ааигəа сара анҵамҭа лзыскит Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Мефҭун Уанаҿа. Лара дқəыԥшуп, лхатəы бызшəа бзиаӡаны илдыруеит, аԥсуарагьы убасҵəҟьа иныҟəылгоит. "Ҭырқəтəыла инхо аҿар рахьтə ас еиԥш аԥсшəа здыруа маҷуп, бцəажəара даара сгəы иахəеит", - анысҳəа, "зегь зыбзоуроу сандуцəа роуп, руаӡəкгьы ара дсыватəоуп", - лҳəан, аҭел наллыркит.

Ааи, хаҭала сара дсыздыруамызт уажə зыӡбахə шəасҳəараны иҟоу аԥҳəыс бырг, аԥҳəыс хатəра, зцəажəара акыр сыхнахыз, 90 шықəса ирзааигəоу Иԥеқ Аргəынԥҳа. Аҭел иамаз авидео ахархəарала лабҿаба ҳаицəажəартə еиԥш аҭагылазаашьа ҳаман. Лыблагəқəа аразра рхубаало, лхы-лҿы еихаччо аԥсшəа салҳəеит, иаразнакгьы дзызҵааз Аԥсны аӡбахə ауп.

"Аԥсны иҟоузеи, ианузеи, ҳажəлар бзиоума, аԥснаа рхабарс исабҳəауазеи, схəыҷы?" - лҳəан дсазҵааит. Лызҵаара аҭак лысҭеит, иазгəасҭеит лбара акыр сшеигəырӷьаз, лыбжьы хаа ахьсаҳаз еиҳагьы сгəы ишахəаз.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәҬырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Иԥеқ Аргəынԥҳа
Иԥеқ Аргəынԥҳа: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵозма аԥснааи ҳареи ҳаибабартə ҳҟалап ҳəа - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Иԥеқ Аргəынԥҳа

"Сара Аԥсны инхо сашьцəа сыжəлантəқəа рыӡбахə саҳауеит, акыр гəахəа алысхуеит. Уажəшьҭа сахьынӡааиз ббоит, сышықəсқəа сиааирц иаҿуп. Аԥсшəоуп ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳгəы иқəыҩуа. Шаҟа игəыхьузеи аԥсуа даԥсыуаны иԥсадгьыл данахгоу? Шаҟа ихьааузеи Аԥсны рыԥсы шалаз уантə ихырҵəаз ҳанацəа, ҳабацəа ргəыхəтəы иахьымӡакəа рдунеи ахьырыԥсахыз", - дҳацəажəон жəларык рхьаа зегьы аиҭаҳəара зҽазызшəоз Иԥеқ Аргəынԥҳа.

Иульқьиу Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иульқьиу Ашәԥҳа: Аԥсны шәҭык ахы ланарҟәыр Ҭырқәтәыла ҳахьыҟоу иаҳныруеит

Иԥеқ лабду Шьаақьыр Аргəын мчымхарыла Аԥснынтə ахҵəара иақəшəаз дырхыԥхьаӡалоуп. Амҳаџьырра ҟалаанӡа Анхəа ақыҭан инхон, атəым дгьыл иахьықəнагалазгьы, рқыҭа иеиԥшыз аҭыԥ ԥшааны анхара уадаҩ нап адыркит, Аԥсны иахьынхоз рқыҭа ахьӡ аиқəырхаразы уаҟагьы Анхəа ахьӡырҵеит, иахьа уажəраанӡагьы ус еиқəханы иҟоуп, имҩасыз ашықəсқəа еицарымкит рқыҭа ахаҿра, иара убасҵəҟьа иаҟəну аԥсуара ацəа.

"Сара саб Џьафер ихьӡын, Ҭырқəтəыла диит, сан Апыгəԥҳан, Суриа лыхьӡын. Саб иан Џьударԥҳауп. Еҳ, закəытə аамҭа цəгьоузеи урҭ ирхыргаз. Аамҭа шаҟа аԥсахуа шəымбои. Ҳанацəеи ҳабацəеи аԥсуара ҳагрыжьыр руазма, аԥсшəа акəын иаҳдырӡозгьы. Саби сани фҩык ахшара ҳрааӡеит, хҩы ԥацəеи хҩы ԥҳацəеи. Шаҟа бзиа ибаны иныҟəаҳгоз ҳҵасқəа, уажəы ажəытə еиԥш иҟам. Усҟан аԥсуара иашьҭан, ҩнапыкала иркын", - дҳацəажəон Иԥеқ Аргəынԥҳа, ажəытə аамҭа дазхьаауа.

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа>>

Сзыҿцəажəоз аԥҳəыс бырг Аграа дырҭацоуп. Лыԥшəма Сеифеҭҭин Агрба 40 шықəса инареиҳаны иахьынхоз Мыҷқьои ақыҭа (Амҷаа рқыҭа) еиҳабыс даман, унеишь-уааишь ҳəа зарҳəоз уаҩын. Дара ԥшьҩык ахшара рааӡеит, ҩыџьа аԥацəеи ҩыџьа аԥҳацəеи, ирызҳауеит урҭ ирхылҵыз. Иԥеқ даара гəахəала дрыхцəажəон лмаҭацəа. Дзеигəырӷьаӡозгьы хҭыск ҳалҳəеит.

"Сара смаҭа имаҭа иира сазыԥшуп, убригьы сахаанхеит. Ииашаҵəҟьаны, сыхшара урҭ рыхшара рыла схы сахашшаауа сыҟам, сышықəсқəа раҳаракыра ансызгəамҭогьы ыҟоуп. Закə насыԥузеи сара сзы ас еиԥш иҟаз аамҭа сахьахаанхаз. Ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵозма мышкы зны амҩақəа аатны аԥснаа ҳашьцəеи ҳареи абас ҳаибабартə ҳҟалап ҳəа. Смаҭацəа рыԥсадгьыл ахь рҿы ахьхоу даара сеигəырӷьоит, Мефҭун уахь дцан данаалак, шаҟа жəабжь сзеиҭалҳəоузеи?! Ибымбои, Анцəа исаҭəеишьеит Аԥснынтə абыржəгьы аԥсыуа шьҭыбжьык саҳартə еиԥш, Аллаҳ дыбзыразхааит", - лҳəеит Иԥеқ Аргəынԥҳа.

Иԥеқ Аргəынԥҳа лдунеихəаԥшышьа акыр иҭбаауп, илдыруа ажəабжьқəа рацəоуп. Ах, шаҟа гəаҳəарас исымоузеи абас еиԥш зылаԥш ахара инаӡо, зықəра ыҟоу аҳəса быргцəа лабҿабаҵəҟьа рбара, ирдыруа Аԥсны иадҳəалоу ажəабжьқəа аҭоурых азныжьра.

Еџье Џьаԥра, Агрба Аныл, Агрԥҳа Гәында - Sputnik Аҧсны
Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

Иԥеқи сареи ҳшеицəажəоз аԥсышəала ашəак аацəырылгеит, убас бжьы хаала иналыгӡеит, даҽазнык еиҭалҳəарц слыҳəеит. Издыруада, мышкызны Иԥеқ Аргəынԥҳа иналыгӡоз аԥсуа шəа шəара шəҟынӡа иааӡартə иаҳзыҟаҵар. Аха, "уажəазы бареи сареи ҳабжьара инхааит" лҳəеит.

Илыватəаз лмаҭа Мефҭун лакəзар, лыччабжь иалыҩны исаҳауан: "Сырма, бымбои, дацəыԥхашьоит аӡыргара, ақыҭа аиҳабацəа роуп (лыԥшəма иакәзаап) лашəа зызку", - ҳəа. Абас еиԥш алахҿыхратə ҟазшьа аҭаны ҳаицəажəеит ҭыԥла ҳаицəыхаразаргьы, гəыла еизааигəахаз аԥсуа ԥҳəыс хатəра Иԥеқ Аргəынԥҳаи сареи. Хымԥада, аԥхьаҟа иаҳзеиҭалҳəаша ажəабжьқəа акыр ирацəоуп.

Иҳагымхааит ҳаԥсуа быргцəа, акыршықəса агəабзиареи агəамчи рыгымзааит, ргəалаҟазаареи рыԥсҭазаареи гəырӷьарала еибаркызааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0