Аслан Бжьаниа аиҳабыраҿы акадр ҿыцқәа раҭаразы аусдҵақәа инапы рыҵаиҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы аиҳабыраҿы акадр ҿыцқәа аиҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы инапы аҵаиҩит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи, Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩи, Аҳәынҭеилакқәа ҩба рхадацәеи раҭаразы аусдҵақәа.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩыс дҟалоит Давид Сангәлиа.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс – Сергеи Пустовалов.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс – Гәырам Инаԥшьба. Аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс – Беслан Кәыбраа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0