"Ашацкыра апоетцәа": Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит

© Фото : Аинар Ҷыҭанаа иҟынтәАшацкыра апоетцәа реилазаара
Ашацкыра апоетцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ашацкыра апоетцәа" захьӡу аԥсуа литературатә еилазаара ҿыц Д.И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы ицәырган аԥшьаша, ԥхынгәы 23 рзы. Уахь имҩахыҵит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, алитература абзиабаҩцәа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аилазаара еиднакылеит  иахьатәи аамҭазы апоезиеи апрозеи знапы алаку арҿиаҩцәа ҿарацәа быжьҩык: Дырмит Габалиа, Абзагә Аҟалӷьба, Аинар Ҷыҭанаа, Алмас Шьалашьаа, Шьазина Бганԥҳа, Адгәыр Амԥар, Ҳаџьараҭ Џьыкырба.

Творческий вечер Дмитрия Габелия - Sputnik Аҧсны
Алашарахь амҩа иқәу: апоет Дырмит Габалиа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит

Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ амш азы имҩаԥгаз арҿиаратә хәылԥазы аҳәаақәа ирҭакымкәа ахы иақәиҭны имҩаԥысуан. Ашацкыра апоетцәа инеимда-ааимдо рҩымҭақәа ирыԥхьон, рырҿиаратә мҩа иацу агәҭахәыцрақәеи рыгәҭакқәеи раԥхьаҩцәа ирыцеиҩыршон.

Ашацкыраа апоетцәа еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны ркалам шԥыршәо, арҿиара иаҷыдаҟазшьоу аԥшаарақәа ҵыхәаԥҵәарада ишырҿу азыӡырҩцәа ирбарҭан. Араҟа иҟан абзиабаратә, афилософиатә, аграждантә, апеизажтә лирика. Аха убри аангьы ацәаныррақәа, абзиабара атема урҭ рырҿиамҭақәа рҟны еиҳа иҵоураны ишықәгыло, лассы-лассгьы ишуԥыло азыӡырҩцәа еицазгәарҭеит.

Аԥҵамҭақәа ҩнуҵҟала еиԥш адәахьтәи архиашьалагьы еиуеиԥшымызт. Избан акәзар Ашацкыра апоетцәа аклассикатә форма инаҷыдангьы зхы иақәиҭу ажәеинраалаҩышьақәа рыцәтәымӡам, аԥсуа поезиа аҳәаақәа иҵегьы рырҭбаара хықәкыс ирымоуп.

© Фото : Аинар Ҷыҭанаа иҟынтәАшацкыра апоетцәа реилазаара
Ашацкыра апоетцәа: Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит - Sputnik Аҧсны
Ашацкыра апоетцәа реилазаара

Аилазаара ҿыц апоетцәа реиԥш иалахәуп апроза знапы алаку аҿаргьы. Адгәыр Амԥар занааҭла жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа роуп хырхарҭас имоу, аха убри аамҭазгьы "Ҳалиме" ҳәа хьӡыс измоу аҭоурыхтә повест давторуп. Иара убас аилазаара иалоу апоет Алмас Шьалашьааи иареи еицырҩыз "Бжьы гәҭыхак" захьӡу ажәабжь ажурнал "Алашара" аномерқәа руак ианылахьеит.

Апроза ахырхарҭаҿы анаҩстәи рыгәҭакқәа ирылацәажәо, арҿиаҩцәа иахьатәи аамҭазы хазы-хазы аԥҵамҭа ҿыцқәа аус рыдулара ишаҿу азгәарҭеит. Дара ражәақәа рыла, аԥсуа литератураҿы ҭоурыхла апоезиеи апрозеи еицыҿиозҭгьы, иахьатәи аамҭазы апоезиа ауп арҿиаҩцәа еиҳа аԥыжәара зырҭо.

"Иҟалап апроза аҩра еиҳагьы иуадаҩзар, аамҭа рацәеи ачҳареи ахьаҭаху иахҟьаны. Аха ҳара амҩа мариақәа ҳрышьҭаӡам, ҳалшарақәа иҵегьы еихаҳҳараны ҳаҟоуп. Апоезиа аҟнеиԥш, апрозаҿгьы", - ҳәа ирҿиаратә гәҭакқәа ҳацеиҩишеит Алмас Шьалашьаа.

Шьазина Бганԥҳагьы ҩ-жанрк рыла арҿиара лнапы алакуп. Апоет қәыԥш лажәеинраалақәа рыла алитература иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа дырдырхьеит. Лассы акьыԥхь абараны иҟоуп "Аминаҭ" ҳәа хьӡыс измоу лажәабжьгьы.

Арҿиаратә хәылԥазы апоезиеи апрозеи рыдагьы амузыкатә ааҭгыларақәа рыла ибеиан. Апоезиа ахәҭақәа рыбжьара Ферызаа рҭаацәаратә рҿиаратә гәыԥи, аҿырпын арҳәаҩ қәыԥш Мишьвилиани Данили аԥсуа жәлар рашәақәеи рмелодиақәеи нарыгӡон.

© Фото : Аинар Ҷыҭанаа иҟынтә"Ашацкыра апоетцәа" реиԥылара
Ашацкыра апоетцәа: Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит - Sputnik Аҧсны
"Ашацкыра апоетцәа" реиԥылара

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Кәарсаиаԥҳа ахәылԥазқәеи аҿар реиԥыларақәеи реиҿкаара амузеи анапхгара еснагь ишазхиоу азгәалҭеит.

"Иахьа ҳахьыҟоу ахыбра иаԥшәмаз, аԥсуа жәлар рҭоурых ахырхарҭа азҭаз Дырмит Гәлиа иҩнаҟны еснагь иаԥын ҿыц ашәҟәыҩҩра иалагоз аҿар реиԥылара, мҩамш ҳәа раҳәара. Сара исҭахуп иахьа зышьаҭа зҳаз аҿар реилазаарагьы ари ахыбрахь рымҩахыҵра аринахыс атрадициатә ҟазшьа амазарц", - лҳәеит амузеи аиҳабы.

Дырмит Гәлиа иҩны-музеи - Sputnik Аҧсны
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны

Аилазаара аԥҵара ахшыҩзцара раԥхьаӡа изызцәырҵыз апоет Дырмит Габалиа "Ашацкыра" ҳәа хьӡыс измоу аҭыжьымҭа аԥсуа литератураҿы уажәаԥхьагьы ишыҟаз азгәеиҭеит. Иара иҳәеит агәыԥ уажәраанӡа арҿиараҿы иҟаз атрадициа бзиақәа анаҩсгьы ирыцҵо, убри аамҭазы ахатә бжьгьы аргара хықәкыс ишамоу.

"Ҳара аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара ҳгәы иҭаӡам, ҳаилазаара аԥсабараҿы иҟазар, аԥсҭазаара амазар ауп иаҳҭаху. Иара убас ҳара ҳгәы иҭоуп аԥсуа литература шеилаҳкаауа, ԥхьаҟатәи аҿиашьа шаҳбо, ишаҳныруа аҳәара. Ари арҿиаратә ԥсҭазаараҿы ҳара ҳалшарақәагьы ҳрылацәажәарц ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Габалиа.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз "Ашацкыра апоетцәа" аҭоуба еицрыдыркылеит. Аилазаара адыргаҷа азирхиеит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.

© Фото : Баҭал Џьапуа иҭыхымҭоупАшацкыра апоетцәа рдыргаҷа
Ашацкыра апоетцәа: Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит - Sputnik Аҧсны
Ашацкыра апоетцәа рдыргаҷа

Алитературатә еилазаара хара имгакәа ахатә манифест азнархиараны иҟоуп.  

Ажәабжьқәа зегьы
0