Аԥсуа тәанчахәы ашәара нанҳәамза аиҩшамҭанӡа имҩаԥыслоит

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аграфик ҿыц инақәыршәаны, Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәы рзыршәалароуп амза 25 рзы, аха иҟоу афинанстә проблемақәа ирхырҟьаны нанҳәамза аиҩшамҭанӡа инеиуеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Ԥхынгәымзазтәи атәанчахәы ашәара иалагоит ҳазҭоу амчыбжь анҵәамҭазы Аҟәа ақалақьи араиони руааԥсыра рыла ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Выплата пенсии - Sputnik Аҧсны
Иҿыцу аграфик ала: аԥсуа тәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара инахахоит

Иара иажәақәа рыла, Атәанчахәытә фонд ԥарақәак амоуп, аха уи азхом. Иара иазгәеиҭеит ари амчыбжь азы ареспубликатә биуџьет аҟынтә аԥаралагала ишазыԥшу, убри ашьҭахь раион-раионла атәанчахәқәа ршәарагьы алыршахоит ҳәа.

"Ԥхынгәымзазы Атәанчахәытә фонд ихадаратәу атәанчахәи ацҵеи рфинансыркра мҩаԥнагоит, атәанчахәцҵа роулоит убасгьы урыстәылатәи атәанчахәы змауа", – иҳәеит Гәылариа, иагьациҵеит иҟоу акатегориақәа зегь рыла (зынӡа 39) аԥарашәара шымҩаԥгахо атәы.

Гәылариа еиҭеиҳәеит атәанчахәы аҭара ишалаго Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыла, ҳазҭоу амчыбжь анҵәамҭа инаркны, анаҩс атәанчахәы роуеит Тҟәарчал араион ауааԥсыра. Нанҳәамза азбжазы атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны араионқәа зегьы рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0