Аҵәахырҭатә банк аҿы иҟаз аӷьычразы аусҭҵаара аӡбарҭахь ирыҭоуп

© SputnikСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашьауӷатә закәанеидкыла инақәыршәаны, аԥаршеиӷьычраз фышықәса инаркны жәашықәсанӡа уқәырҵоит умазарагьы умхны.

АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аҟәа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша аҳҭнықалақь апрокурор дақәшаҳаҭны ашьаус хацнаркит  амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәара аҭаны аӷьычра мҩаԥызгаз ахаҿқәа рганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк аоперационисткацәа атәанчаҩцәа рԥара ргон ҳәа агәҩара ыҟоуп

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Аҵәахырҭатә банк аҟәатәи аофис цҵа аусзуҩцәа ҩыџьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳтәылауаа ртәанчахә-ԥарақәа аԥхьаӡамҭақәа ирхырхуан ҳәа агәҩара ыҟан.

Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аусзуҩцәа аԥара нырхит ҳәа иҟаз агәҩарала.

"Аусӡбара адыррақәа рыла, абанк аофисцҵа №1070 (Аҟәа, Аиааира 84) аусзуҩцәа Чхеиӡе Валериа Борис-иԥҳаи Гагуаԥҳа Гәында Ныгәзар-иԥҳаи 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2019 шықәса лаҵарамзанӡа ирхатәыртәит миллионки 821 нызқьи 114 мааҭ. 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2019 шықәса лаҵарамзанӡа абанк уаанӡатәи аусзуҩ Гагуаԥҳа атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа ирхылхит миллионки 821 нызқьм 114 мааҭ. Иара убри аамҭазы атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа 638 214 мааҭ рхылхит аҩбатәи аоперационистка Чхеиӡе", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Валериа Чхеиӡе лганахьала  ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 ала. Иара убри аҩыза ахара лыдҵоуп Гәында Гагуаԥҳагьы. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь ААР.

Ажәабжьқәа зегьы
0